2021 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет аҩбатәи аԥхьарала ирыдрымкылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКвитанция
Квитанция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазтәи атәыла афинанстә документ хада абиуџьет азы Апарламенттә еилакы ахь аус адуларазы инашьҭуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала ирыдрымкылеит "2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект.

Апроект инақәыршәаны алагалақәа рыла аҳәынҭбиуџьет азеиԥш хышәаҵышәа 10 миллиардки 589 миллион мааҭ ыҟоуп. Аныхрақәа рыла –10 миллиардки 713 миллион мааҭ. Абиуџьеттә дефицит иартәеит 123 176,7 миллион мааҭ.

2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа –8 миллиардки 502 миллион мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – х-миллиардки 949 миллион мааҭ абрахь иналаҵаны.

Ареспубликатә биуџьет азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 8 миллиардки 625 миллион мааҭ. Адефицит 123 миллион мааҭ ыҟоуп.

Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак анапы ианҵоуп азакәан апроект аус аднауларц, иҟаҵо арҽеирақәа азыԥхьагәаҭаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0