Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гоԥиа: Аԥсны аҭоурых иазҿлымҳау, бзиа избо, еилызкаарц зҭаху аҿар даара ирацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Гопия
Денис Гопия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ, амагистр, ААУ аушьҭымҭа Денис Гоԥиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых иазку онлиан-лекциақәа реиҿкаара шыӡбахаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гоԥиа Аԥсны аҭоурых иазку аонлаин-лекциақәа рзы

"Аԥсны аҭоурых иазку апроект амҩаԥгара раԥхьаӡа акәны исыдигалеит Арсоу Хәаԥшыхә. Иара асоциалтә ҳаҿы имоуп адаҟьа insta_abkhazia. Иареи сареи ҳаибадырит Facebook аҿы Аԥсны аҭоурых ҳәа иаԥҵаны исымоу адаҟьаҿы. Уи исыдигалеит апроект онлаин-лекциақәа ҳтәыла аҭоурых иазку. Иҟоуп аҿар даара аҭоурых иазҿлымҳау, бзиа избо, еилызкаарц зҭаху. Аԥсны аҭоурых жәытәнатә аахыс иахьанӡа еихша-еихшаны иҟаҳҵарц ҳгәы иҭаҳкит. Актәи алекциа адҳәалан Аԥсны ажәытәӡатәи аҭоурых, аҩбатәи - Аԥсны аҳра. Ҳгәы иҭаҳкит аԥсуа ахьынхоз аҭыԥқәа рҟны, урҭ ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа маҷк инарҵауланы ҳазнеирц. Уажәы самырзаҟанаа ҳрылацәажәеит, нас еиҭа алекциақәа ирыцҵахоит Аԥсны аҭоурых анаҩстәи адаҟьақәа рыла. Егьы ашықәс азгьы ари апроект иацҵахоит. Алекциақәа шыҟало атәы адырра ҟаҳҵоит асоциалтә ҳақәа еиуеиԥшым адаҟьақәа рҿы, нас изҭаху Zoom ала даҳзыӡырҩыр илшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гоԥиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0