АҞӘА, ԥхынҷкәын 31- Sputnik. Ҭемыр Ҟаитан иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп Аԥсны архитектура аҿиара илагала ду ахьамоу азы ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
Абри азы аусдҵа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Асахьаҭыхыҩ, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, аскульптор, аграфик, Аҟәа агерб автор Ҭемыр Ҟаитан иԥсҭазаара далҵит 59 шықәса дшырҭагылаз.
Ҭемыр Ҟаитан диит цәыббра 15, 1962 шықәсазы, Аҟәа. Чачба ихьӡ зху Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит (1978-1982), далгеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа (1985–1989). Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан. Иусумҭақәа еиуеиԥшым ахатә коллекциақәа ирылоуп.
Ҭемыр Ҟаитан - Аҟәа агерб давторуп, Гәдоуҭа игылоу Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыстела авторцәа дыруаӡәкуп, Амилаҭтә банк агәалашәаратә монетақәа жәпакы дравторуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Игәыҭбаара ҳәаа амамызт: асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан игәалашәаразы