Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Емырхәба Гал Ашықәс ҿыц ишаԥылаз иазкны
"Ачымазара аҵыхәала Ашықәс ҿыц ауха ақалақь аҿы ауаарацәа ҟалар ҳҭахымызт азы, ақалақь ахаҭа ҳарԥшӡеит излаҳалшоз ала. Ауха ажәлар абас ицәырҵуеит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт, урҭ шәмаин ҳәа ҳазрамҳәеит, иҳазнымкылеит. Ԥхынҷкәынмза 31 ауха ажәлар ргәалаҟазаара даара ибзиан. Уажәы ақалақь ахадара ауааԥсыра рҭагылазаашьа зеиԥшроу ала аинформациа аидкылара ҳаҿуп. Асанитартә ҳақьыми ҳареи аимадара ҳабжьоуп, ачымазара ҿкы акырӡа аҽарӷәӷәеит ҳәа амакьана аинформациа ҳамаӡам, ари азҵаара гәцаракны иҳамоуп", - иҳәеит Емырхәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.