Иаса Қьырса иира, уи амра ицгылара: аныҳәа ду аԥсуаа рҿы ишазгәарҭо

© Sputnik / Said TsarnaevВо время рождественского богослужения в храме Михаила Архангела в Грозном
Во время рождественского богослужения в храме Михаила Архангела в Грозном - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Қьырса аныҳәа ду амш. Аԥсуаа уи жәытәаахыс иазгәарҭон ақьырсиантә ҵасқәа рылагьы, иара убас ажәлар рхатә знеишьақәагьы рыманы. Абарҭ дырзааҭгылоит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Қьырсаныҳәа аԥсыуала

Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Қьырса аныҳәа ду амш. Уи мчыбжьык шагугьы, аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Аетнолог Валери Бигәаа ишазгәеиҭо ала, аԥсуаа ари аамҭа Қьырсамца анеиқәырҵо аамҭа ҳәа азырҳәоит. Избанзар арҭ аӡынҵыхқәа рзы лассы ианыхәло аамҭазы, ҽынлагьы, уахынлагьы амца абжьааԥны аасҭагьы ижжаӡа еиқәырҵон.

Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аетнолог еиҭеиҳәеит Қьырсазы ахәышҭаараҿы амца зырыхьчоз

Аԥсны ари аныҳәа ҩбаны иазгәарҭоит уҳәар ауеит: ақьырсиантә шьаҭалеи аԥсыуалеи (аполитеисттәлеи). Иҳазҳәом ҳара ҳтәылаҿ ари аныҳәа мҽхакы ҭбаала иаԥылоит ҳәа, иаҳҳәап, ажьырныҳәа ишаԥыло еиԥш, ма амшаԥы. Иҟоуп зынӡаск иазгәазымҭаӡогьы ари амш. Аха уи аԥсыуала азгәаҭараан иубоит аԥсуаа рқьабзтә практикаҿы ахархәара змоу аелементқәа. Урҭ иреиуоуп ашьтәа (шьтәас иҟарҵоит рымч зықәхо акы – аџьма, ма арбаӷь), иара убас аишәаргылара.

Қьырса аныҳәа амш азы ачгара иҵыҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә Қьырса аныҳәа иазку аишәаҿы "аԥхьа идыртәо" нырцә иҟоу роуп. "Аԥсы акриҿаҵара" аритуал аҭыԥ ҷыда ааннакылоит аишәаргылараҿы. Уи аишәа амаҵ зуа аԥҳәыс еиҳабы ашә аалыртуеит, аҩнаҭа иахылаԥшу, иахьыԥшу рыԥсқәа аалыԥхьоит "шәааи, шәтәа" ҳәа, рнапқәа длырӡәӡәоит, ампахьшь шкәакәа рызхылшьуеит, аишәа дахагьежьуа, ак нықәхуа, ак нықәҵо, "итәоу" рымаҵ луеит.

Ари аишәаҿы иқәдыргылоит, егьырҭ аишәаргыларақәараан еиԥш, аҳалуа, ачааҿақәа, ақашь, ахарҵәыӡҩа, ацхаӡҩа. Аџьма акәац уахь иқәырҵаӡом, акәтыжь заҵәык ауп. Иадыргалоит ахаа-мыхаақәа. Минуҭқәак анҵлак ашьҭахь аԥҳәыс еиҳабы дныҳәаны, аҩы, ауатка, аӡы хылҭәалоит, нас аҭаацәара иалахәу егьырҭгьы ус ныҟарҵоит, ахәыҷқәа рыда. Иазгәаҭатәуп ахәыҷқәа аџыш шырхьыршьуа, ма рџьыба ишҭарҵо, аԥсы дырхьымԥшырц азы ҳәа.

Аишәа ахьынӡагылоу убжьы рдуны уцәажәар ҟалаӡом, аԥсы дуршәоит ҳәа. Даҽа ԥыҭк анҵлак ашьҭахь аԥшәмаԥҳәыс астол нарҵысны, дырҩегьых рнапы дырӡәӡәаны идәылылгоит. Изыдтәалаз ачыс ҿаҵақәак нарымхны, аҩы, аӡы, даҽакы уҳәа зегьы гәыблаак инанҵаны адәахьы иганы ишьҭалҵоит, "хьыԥшы-ҿыԥшы ӡәыр дыҟазар, арахь шәхьамԥшын" ҳәа наҳәаны.

Аишәаргылара ашьҭахь ҿыц абысҭа уны, ачанахқәа ԥсахны иҟарҵоит. Нас еиҳабы-еиҵбыла рнапы ӡәӡәаны аҭаацәа зегь натәоит.

Қьырсаныҳәа шыҟалаз

Аԥсуаа рфольклор аҟны иуԥылоит абиблиатә мотив змоу аҳәамҭақәа. Убарҭ иреиуоуп "Иаса Қьырсҭа изку аҳәамҭа". Уи ишаҳәо ала, ԥҳәызбак нашанала лцәа лтәымкәа дҟалеит. Уи лаб ианиарҳәа, лышьра изымгәаӷьын, дган ашьха ддыртәеит. Убра диит Иаса Қьырсҭа ҳәа изышьҭаз. 1990 шықәсазы ианҵаз ари аҳәамҭаҿы (Цира Габниа еиқәлыршәаз "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа" 7 атом иану) ишҳәоу ала, "убри аамҭазы амра ыҟаӡамызт, адунеигьы абас идар-даруа иҟан, рҳәеит, еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа иҟаӡамкәан, убыс. Ари ахәыҷы диит. Ахәыҷы даниы, амра ицгылеит. Абри Иаса Қьырсҭа даниз амра ицгылеит. Адунеигьы убыс иҟалеит – еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа".

Аҳәамҭаҟны еиҭаҳәоуп Иаса Қьырсҭа иҭархара ишашьҭаз атәы, нас даныркгьы, аҵәымӷқәа илаҵан дшықәырчаԥаз. "Қьырса ҳәа аныҳәа ду ыҟами? Қьырса захьӡу убриоуп – абри Иаса Қьырсҭа даниз амш ауп Қьырса", - ҳәа нацылҵоит ажәабжьҳәаҩ Мариа Ԥлиа.

Абасала, аԥсуаа рҳәамҭа ишаҳәо ала, ари амш азы иазгәарҭоит Иаса Қьырса иира, уи амра ицгылара, адунеи еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа аҟалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0