Амцакра ашьҭахьтәи ашьыжь: Гагра иҟоу аҭагылазаашьа

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 7 рзы, Гагра, Жәаҩакәара аҩхаа абнарақәа рҟны иҟаз амцакра аҽарцәгьеит. Амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит, 150 метра инареиҳаны.

Гагра араиони Гагра ақалақьи аиқәырхара- абылрацәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа ишазгәарҭо ала, ибылуаз еиҳарак абна аҵеи иҩаз аҳаскьынреи ракәын, абылрақәа рҵакьырадгьыл ф-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Амцарцәаразы инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьбеи, Гагра аиқәырхаратә гәыԥи, Аҟәатәи амцарцәаратә гәыԥи.

Ажьырныҳәа 7 рзы амцакра ырцәан Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан, Очамчыра араион Рекеи Баслахәи ақыҭақәа рҟны. Гал араион Гагахлеба ақыҭаҟны ирцәаз амцакрақәа рҵакьырадгьыл гектарк рҟынӡа инаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0