Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чамагәуа COVID-19 аҟынтә аԥкрақәа рзы: ахәыҷқәа ауҳашьҭит, аха адуцәа анеиааира ҳаҟәымҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Чамагуа
Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра иаднакылаз аԥкыратә уснагӡатәқәа рзы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагуа.
Хра злоу ахҭысқәа: Чамагәуа COVID-19 аҽацәыхьчараз аԥкрақәа ирызкны

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аԥкратә уснагӡатәқәа жәабран 15 рҟынӡа рыҿҳәара инахазарц, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русурақәагьы абрахь иналаҵаны.

"Ҳара ҽнак бжьамыжькәа, аԥсрақәа рахь аныҟәара ҳаҿуп, ҳаанымкылаӡеит. Аԥкрақәа рынагӡара аус ишахәҭоу амҩа иаҳзықәымҵаӡеит, уи ауп иԥсыз зырацәахазгьы. Аханатә акарантин аӡбахә ҳаналацәажәоз зегьы рышәқәа ркын, ауаагьы иаҳа ҭакԥхықәрала иазнеит. Амилициа амҩадуқәа ирнын ргәырҽанырҵон ауааԥсыра. Уажәы ахәыҷқәа аҩныҟа иауҳашьҭит, аха адуцәа анеиааира ҳаҟәымҵит. Ачымазара иаҳа-иаҳа аҽарцәгьеит, ауаа зегьы акарантин аҿы иаҳмартәар, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит. Зыӡбахә ҳәоу ахыԥхьаӡара аиҳа акырӡа ирацәахеит ичмазаҩны иҟоу. Ҳара адепутатцәа ҳҟынтә ичмазаҩхазгьы рацәахеит, аизара ҳзымҩаԥгар ҳалацәажәоит аҭагылазаашьа, уа ишьҭыххоит ашколхәыҷқәа рызҵаарагьы", -  еиҭеиҳәеит Чамагәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0