Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба ақыҭанхамҩатә ҵиааӡарҭа аусуразы: аныҳәақәа раԥхьа ажәлар ҳажәлан аиҭаҳатә ргон

© Sputnik / Томас ТхайцукФедор Тарба
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ақыҭанхамҩатә институт иатәу аҵиааӡарҭа анхацәа азҿлымҳаума, иарбан шәырхкқәоу аӡынразы иҭыҳәҳәатәу, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аилак аиҳабы Фиодор Ҭарба.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭарба ақыҭанхамҩатә институт иатәу аҵиааӡарҭа аҭагылазаашьа иазкны

"Апитомник иааиҵыхны ианыҟаз, аҳәынҭқарратә программала аус анауаз, ибзиан. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы миллионк аиҭаҳатә аҟынӡа ҳнеины ҳаҟан. Уажәы ҳазхыҽхәо ҳәа акгьы ҳамам. Ара аус зуа аҷкәынцәа рхатә џьабаала еидгыланы жәабаҟа нызықь шьапы рҟынӡа еиуеиԥшым аиҭаҳатә рааӡоит. Аха шьҭа иҳадҵаало иалагеит, программак аҳасабала абаҳчақәа реиҿкааразы, ҳаԥхьаҟа иҟало аамҭа иаҳнарбап", - иҳәеит Ҭарба.

Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ақыҭанхамҩатә институт иатәу аҵиааӡарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, ас еиԥш ааӡарҭақәа зыԥсы ҭоу абиблиотека ҳәа иашьҭоуп, Аԥсны иҟоу ашәырхкқәа зегьы еиҭаҳаны иҳамоуп.

"Аӡын аамҭа зшәарҭоу афеихоа ацитрустә шәырқәеи рзоуп, зыбӷьы каԥсо рзы- мап. Урҭ хышықәса ԥшьы-шықәса рхыҵаанӡа иҭаҳәҳәалатәуп, ашьапы анышә адыҳәҳәалатәуп, ҵаа ӷәӷәа ҟалар иамшьырцаз. Абри зегьы ҟаҵоуп ацитрустә шәырқәа рзы ҳколлекциа аиқәырхаразы. Афеихоа акәзар, сык аур, ҳлабақәа кны зегьы ҳажәлоит, амахәқәа асы рықәхразы. Ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа ажәлар иҳамаз аиҭаҳатә хәыҷы иҳажәланы, мышкы 10-15-ҩык анаауаз ыҟан, иаахәаны иргон, ҳагәгьы иаахәон", - еиҭеиҳәеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0