Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа 2020-тәи ашықәс Аԥсназы: аҳәынҭқарра дуқәа ирзышьҭымхуа ахҭысқәа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 -тәи ашықәс азы Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥысуаз аполитикатә хҭысқәеи, аҿкычымазара ицәырнагаз азҵаарақәеи, атәыла анапхгареи аоппозициеи реизыҟазаашьеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа.
Ԥлиаԥҳа 2020-тәи ашықәс Аԥсназы: аҳәынҭқарра дуқәа ирзышьҭымхуа ахҭысқәа мҩаԥысит

"Иҳаҩсыз ашықәс ианалага инаркны зегьы ирбарҭан ишыхьынҭахаз, ажәлар рзгьы, аполитикатә процессқәа рзгьы. Алхрақәа еилганы иҭышәынтәалан аполитикатә процесс зымцеит, атәыла ахадарахьы иҟаз акандидат ичымазара иахҟьаны дзықәымгылаӡеит, Алхас Кәыҵниа далырхит, аха аҭышәынтәалара ҟамлаӡеит. Аполитикатә процесс иаҳа-иаҳа иацлон. Зегьы авба зырҭоз аиҳабыра ракәын. Ачынуаа зегьы мыцхәы рхымҩаԥгашьа ажәлар ирныруа иалагеит, ажәлар ирыдрымкыло иалагеит. Аҵыхәтәаны Рауль Ҳаџьымба арзаҳал иҩны дымцар амуит. Уи ашьҭахь атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба аус иуан хымз рыҩныҵҟа. Ҳаҩныҵҟа иҳаман даҽа проблемакгьы. Уи акоррупциазы азакәан азы имҩаԥысуаз ахҭысқәа роуп. Апарламент ықәцалан азакәан рыдыркылеит, аха аекспертцәа изларҳәо ала уи бжатоуп. Анаҩс атәыла ахада иалхрақәа рышьҭахь иаҳа аҭышәынтәлара ҟалеит. Хәыҷык иадымхаргьы аполитикатә процессқәа еиқәтәеит. Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарраҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩу ажәлар рҟынӡа инаигеит. Ииуа, дахьнеи-дахьааиуа иахьа зегьы ирбарҭоуп, иусура дазҿлымҳан дшазнеиуа, аҳәынҭқарра аусура аԥхьа иширгыло ажәлар ирныруа иалагеит ҳәа агәаанагара сымоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0