"Амалқәа зегьы ирмалу" – аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои

CC0 / / Подарки
Подарки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳамҭа аҵаки ҳамҭас иҟарҵои ртәы ҳзеиҭалҳәоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Аҳамҭа – ари ауаа рыҩнуҵҟатәи реизыҟазаашьа аазырԥшуа актуп. "Аҳамҭа" ақьабзтә ҵакыла уахәаԥшуазар, уи ауаҩы аԥсабара иаиҭо аҳамҭа аҵанакуеит, ахаҭабура аҳасабала – иаҳҳәап: "зқьы ааӡаны шәкы абна алаҵара". Ҳамҭас, ҭабурас иаанрыжьуеит иара убас, иԥшьоу ҭыԥк аҿы амаҭәарқәа (иаҳҳәап: ашәарыцацәа ашьха ианхыҵуа уи ашьапаҿы иаанрыжьуа ахҿа, аҳәа, ма даҽа бџьармаҭәак). Мамзаргьы аныҳәаҩ дандырныҳәо ихымԥадатәны аҳамҭа ирҭоит.

Аҳамҭа (маҭәарк) аӡәы даҽаӡәы иҭара аритуалтә ҵакы ныҟәнагоит, убри азын ихадароуп ҳамҭас иҟауҵо закәу, иуҭо амаҭәар ахаҭа аҵакы.

"Ичеиџьыка инапы иқәыргылан"

Аҳамҭақәа зегь раԥхьа игылоуп ачеиџьыка. "Ичеиџьыка инапы иқәыргылан диԥылеит" рҳәоит аԥсуаа, уи еиҳау аҳамҭа ыҟаӡам ауаҩы изы.

Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Асас изы еснагь ашә аартуп: егьырҭ ҳрылазмырҩашьо аԥсуа ҵасқәа

Ауаҩы идкылашьа зегьы иреиҳау малуп, убри аан ихадароу аишәа заҟа беиала ирхиоу акәым, аԥшәма ихаҭа ари акт иазыҟазаашьа ауп, уи иаанарԥшуеит иззынархоу ушизыҟоугьы.

Иалкаатәуп, ачеиџьыка шхадароу шааԥшуа аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҿы. Иарбанзаалак аныҳәара акрыфара аритуал ацымкәа имҩаԥысуам, еснагь иныҳәо ауаҩы дзыхныҳәаз зегьы агьама дирбоит. Ари мацарагьы иунарбоит ачеиџьыка аҵакы аҳаракра, пату ақәҵара, амчра злоу адоуҳаратә функциа аҵаҵара.

Аԥстәы ма аԥсаатә

Аҷкәын игәаԥхо аҭыԥҳа лзы, ма харантә иааз асас изы, иара убас "ухы аасҭа бзиа иубо ауаҩы изы" ҳәа шырҳәо еиԥш, аԥсуаа иалкааз ҳамҭаны иҟарҵон ашьабсҭа аԥсы шҭаз икны, аҽы, мамзаргьы иԥшӡаӡа иҟоу, хәыц еиқәаҵәа злам аџьма, зтәыҩақәа ыршаны иҟоу. Ашықәс ҿыц адырҩаҽны акәзар, "гәныҳәа" ҳәа изышьҭаз ақьабз амҩаԥгараан аиҵбацәа аиҳабацәа ҳамҭас ирырҭон ардәына, убри алагьы аҷқәынцәа реиҳабацәа рҿаԥхьа ирылоу рышәарыцаратә ҟазара аадырԥшуан, насгьы аиҳабы пату иқәҵара иасимволын.

Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны
Гәныҳәа – ашықәс ҿыцазтәи шьыжьхьа

Иҳәатәуп, ардәына ҳамҭас арԥыс игәаԥхаз аҭыԥҳа ишылзынаиҭиуаз. Амала аҭыԥҳа лзы уи дырԥшӡон: абаз аҿыҵакны, арасамахә иқәыртәашәа, аҵиаақәа ирылартәаны.

Иазгәаҭатәуп, иара убас асас аҩны дахьааиз игәаԥхаз, илаԥш зықәшәаз иарбан маҭәарзаалак иара ишитәхо, ҳамҭас иширҭо.

Иахьатәи ҳаамҭазгьы иуԥылоит зыԥсы ҭоу ашьтәа ҳамҭас аҟаҵара. Аиҳарак уи зыдҳәалоу ахәыҷы иира ауп. Ахәыҷы данилак, аӡӷаб лҭаацәа аҳамҭақәа иаарго раԥхьа игылоуп зыԥсы ҭоу аџьма шкәакәа, атәыҩақәа ырԥшӡаны иҟаҵаны.

"Аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит"

Аҭыԥҳа аҳамҭа аҭакс иҟалҵон лнапала иқәҵаны иҟалҵаз ачабра, ампахьшьы. Напылаҟаҵара ақәҵараҿы уи иаалырԥшуан еиуеиԥшымыз асахьақәа, уи алагьы аӡӷаб лара лҟазарагьы цәырылгон. Ус еиԥш иҟаз аҭыԥҳацәа "аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит" ҳәа лзырҳәон.

Абхазский национальный костюм. Модельер Мадина Чанба. - Sputnik Аҧсны
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа

Иахьатәи ҳаамҭазы аҳамҭа аҟаҵара ақьабзқәа инарҟәыҭханы зыда ҟалашьа амам акакәны иубарҭоуп. Аха убри аан аҳамҭа ззыҟауҵо игьама ақәшәара ауп иаҳа изышьклаԥшуа. Егьа ус шакәугьы, иахьагьы ҳамҭас иҟарҵо амаҭәар аҵакгьы азгәарҭоит.

Иаҳҳәап, аӡәы имшира ыҟазар, ачабра, ма ачхьарԥ ҳамҭас изыҟарҵом – ачабра алаӷырӡ иатәуп, ачхьарԥ - нарцәытәи адунеи ахь уиазго маҭәаруп ҳәа. Мамзаргьы аҷкәын ахьы ҳамҭас аӡӷаб илиҭозар, уи аҵакы шдуу, аҷкәын ихықәкы лнардыруеит аӡӷаб.

Аха ишыҟазаалакгьы, аҳамҭақәа иреиҳау ауаҩы иччаԥшь ауп, аамҭақәа зегьы раан уи ԥсахрада иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0