Домбаи илеиз асыԥса ауаа аҵахеит

© Sputnik / Владимир Семенюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорнолыжный сезон в Домбае
Горнолыжный сезон в Домбае - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асыԥса ахьлеиз аҭыԥ аҿы аиқәырхаҩцәа аус руеит, имҩаԥысуеит аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Ашәахьа ашьыжь Ҟарачы-Черкесиатәи акурорт Домбаи асыԥса леит. Асы иаҵахеит 4-ҩык инадыркны 12-ҩык рҟынӡа ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АҶА адыррақәа шьаҭас иганы.

"Асааҭ 13:30 рзы адырра ҳауит Домбаи, ашьха Мусса-Ачитара асыԥса леит ҳәа. Асыԥсамҩа иаҵанакит ашәҩаныҟәарҭа трасса. Иҟоу аинформациала асыԥсамҩаҿы авагон маҷқәа ҩба гылан, акаҳуажәырҭа аахақәа амоуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иҟоу аинформациала, асы иаҵахеит 4-ҩык инадыркны 12-ҩык рҟынӡа ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уажәы аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0