Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин.
Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа дырԥылеит ареспубликаҿы аенергетикатә усхк аҭагылазаашьеи закәаншьаҭада акриптовалиута аиура аҿагылареи рызҵаара алацәажәаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц Апарламент адепутатцәеи иареи реиԥылараан ажәырныҳәа 22 рзы. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

Майнинг  - Sputnik Аҧсны
Амаинер ишьҭашәарыцара: аенергетика апроблемақәа рыӡбашьа аԥшаара

Атәыла ахада иҳәеит аенергетика аусхк аҟны аҭагылазаашьа уадаҩ шыҟоу, уаанӡа ирыдыркылаз аӡбамҭақәа хра шырмоуз, ауснагӡатә цҵақәа шаҭаху.

"Ашәахьаҽны Апарламент ахь инаҳашьҭуеит административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азԥхьагәазҭо азакәан апроект, хаҭала акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы ахараԥсақәа акыр рышьҭыхра, ахархәагақәа рымхра, иамуаны ианыҟоу ашьаустә ҭакԥхықәра ақәҵара", - ҳәа иҳәеит ахада.

Ахада иаԥшьгамҭа адгылара аиҭеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

"Ажәлар зегь реиԥш Апарламент аҿгьы азакәанқәа рырӷәӷәарада ԥсыхәа шыҟам аабоит. Зыжәлари зҳәынҭқарреи ринтересқәа усс измам ирҿагылатәуп. Аамҭа мгакәа абри аус ӡбатәуп. Сгәыӷуеит Апарламентгьы азакәан апроект аднакылап ҳәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа дырԥылеит ареспубликаҿы аенергетикатә усхк аҭагылазаашьеи закәаншьаҭада акриптавалиута аиура аҿагылареи рызҵаара алацәажәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0