Венгриа алаҵа "Спутник V"аиуразы Урыстәыла иалаӡеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтправка вакцины Sputnik V от COVID-19 за границу
Отправка вакцины Sputnik V от COVID-19 за границу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Венгриа адәныҟатәи аусқәеи адныҟатә хәаахәҭреи рминистр Петер Сиаиартои алацәажәеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Венгриаҟа анашьҭра азҵаара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Венгриеи Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит акоронавирус аҟынтәи алаҵа Венгриа азынашьҭразы ҳәа иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәеи адныҟатә хәаахәҭреи рминистр Петер Сиаиартои. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны
Европатәи аҭыжьымҭа "Спутник V" апандемиа ааннакылар алшоит ҳәа азгәанаҭеит

"Ари ԥыжәара зҭатәу милаҭтә зҵаароуп, уи ишалшо ала ирццактәуп. Алаҵа иаарласны аиуразы Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, зыгәра угаша алаҵа Венгриа аиуразы. Алаҵа арахь иаашьҭхоит х-етапкны", - ҳәа иҳәеит Сиаиарто Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои иареи Москва реиԥылара ашьҭахь.

Венгриа Афармокологиеи афатәи рмилаҭтә институт акоронавирус аҿагылараз урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала, Венгриа, Евроеидгыла атәылақәа рахьынтәи ираԥхьатәихеит алаҵа "Спутник V" официалла зҵакыраҿы аҟаҵара ауа. Венгриа алаҵа ҭаҩуп ирццаку апроцедура (emergency use authorization) аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Спутник V" аклиникатә ҭҵаарақәа рдыррақәа рышьаҭалеи Венгриатәи аекспертцәа ргәаанагарақәа рышьаҭалеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0