Владимир Делба: Аԥсны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, ажьырныҳәа 22 рзы атәылаҿы ишьақәгылаз афымцамчтә кризис азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит иҳәеит аамҭала Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба атәыла ахада ахәаша, ажьырныҳәа 22 рзы имҩаԥигоз аилатәара аан.

"Урыстәылантәи иҳауа афымцалашара хаҳарала ҳхы иаҳархәароуп. Ҳара ҳҿы макьана аҵараиурҭақәеи акультуратә усбарҭақәеи аркуп, аха аԥкрақәа мышкы зны иаԥыххоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҳауа адыррақәа ҳасаб рзаҳуазар, аԥкрақәа хәыҷы-хәыҷ ирԥсыҽны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит", - иҳәеит Делба. 

Уи адагьы, Делба иажәақәа рыла, акультуреи аспорти русбарҭақәа рзгьы аԥкрақәа рԥсыҽзар ауеит, усҟан афымцацәаҳәақәа еиҳагьы аидара иаҵалоит.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада мчыбжьык аамҭа риҭеит афымцалашара ахархәара аларҟәразы

"Ҳара абри ҳазыҟаҵазар ауп. Избанзар ашкол аҟны алашара, аԥхара аныҟамло аамҭаҿы ҳнеир ауеит, убасҟан ауп аҭагылазаашьа зынӡа ианыцәгьахо", - ҳәа азгәеиҭеит Владимир Делба.

Ажьырныҳәа 19 инаркны "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара ауааԥсыра рзынашьҭра ԥнакуа иалагеит аенергосистема ахьанҭара ахьацлаз азы. Астанциақәа рҿы амашәырқәа ҟамларц азы "Амшынеиқәафымцамч" аидара рацәаны ианақәло афымцалашара дырцәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0