Аԥсны ААР уахыки-ҽнаки рыла 25 мегаватт афымцамч згоз амаининг хархәагақәа аҿырхит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акриптовалиута аиуразы афымцамч закәаншьаҭада ахархәара аԥырҟәҟәааразы ареидқәа мҩаԥыргоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аминистрра иатәу араионтә ҟәшақәа русзуҩцәа, апрокуратура, АШәМ, араионқәа рнапхгара ахаҭарнакцәа, "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24-Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа уахыки-ҽнаки рыла имҩаԥыргаз ареидқәа ирыбзоураны акриптовалиута аиуразы афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы иҿакыз амаругақәа аҿырхит, иааидкыланы 25 мегаватт иартәон, абри атәы аанацҳауеит амчратә усбарҭа асаит.

Гагра ақалақьи Гагра араиони иаарԥшын иагьаҿыхын акриптовалиута аиуразы аус зуаз 17 ферма, афымца ахархәара 10 мегаватт инаӡон.

Ажьырныҳәа 22 рзы ареспублика араионқәа зегьы рҟны аусура иалагеит афымцамч ахархәара аларҟәразы аоперштабқәа. Амилициа аусзуҩцәеи аоперштаб ахаҭарнакцәеи Гагра араион Бзыԥҭа аҩхаа, арыжәтә џьбареи ахаҳәтә зауадқәа рҵакырадгьылаҟны, асанаториа "Касатка", "Конти-опт" абазақәа, Алаҳаӡы ахатә ҩнқәеи аԥацхеи рҟны иаадырԥшит амаинингқәа.

Ареидқәа мҩаԥган Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь Лыхни ақыҭақәа рҟны, араҟа аус зуаз ҳәа амаругақәа рымбеит, аха аоперштаб ирыӡбеит уажәаԥхьа иаарԥшыз афермақәа рахь инагаз афымцацәаҳәақәа ҿахырҵәарц.

Майнинг - Sputnik Аҧсны
Афымцамч ахархәара аларҟәра: Атәыла ахада идҵа шынарыгӡо

Акриптовалиута аиуразы аус зуаз афермақәа хԥа русура аанкылан Аҟәа араион Гәымсҭеи Баслаҭеи ақыҭақәа рҟны. Аҳҭнықалақь аҟны иҿыхын ф-фермак, дара аус руан Чыкәбар, Мушьни Хәарцкьиа, Беигәаа рымҩадқәа рҟны игылоу ахатә ҩнқәа рҿы.

Ареидқәа мҩаԥган Гәылрыԥшь араион- Баӷмаран, Бабышьира, Дранда, Уарча, Мархьаул ақыҭақәа рҟны, араион аҟны иҿыхын жәа-аобект, иааидкыланы дара рхы иадырхәоз афымцамч жәа-мегаватт иартәон.

Очамчыра араион Лабра ақыҭан иԥшааз амаругақәа ықәыргеит. Мықә ақыҭан иаарԥшын аус зуаз акриптофермақәа, афымцацәаҳәа иаҿыхын 600 шьақәгыла, Елыр- 370 шьақәгыла.

Иара убас, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Тҟәарчал араион уаанӡа иаҿырххьаз аобектқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, уаҟа амҳәыр заархар афермақәа аус руам.

Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц

Гал араион ахатәҩны аҟны игылаз амаругақәа аҿырхит, иара убас даҽа ԥшь-аобектк аусура аанкылан.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит араионқәа рҿы аштабқәа аԥырҵарц, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иаздырхарц. Бжьаниа афымцамч ахархәараз арбагақәа ааигеит, 2019 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны 2020 шықәса рзы афымцалашара ахархәара иааизакны 21 процент ихалеит. Мчыбжьык аҩнуҵҟала араионқәа рҿы афымцалашара ахархәара аларҟәра алымшар, араионқәа рхадацәа, амилициа, апрокурорцәа лахь рыҭахоит, иҳәеит Ахада.

Ашәахьаҽны Апарламент ахь инашьҭхоит административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара азԥхьагәазҭо азакәан апроект, хаҭала акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы ахараԥсақәа акыр рышьҭыхра, ахархәагақәа рымхра, иамуаны ианыҟоу ашьаустә ҭакԥхықәра ақәҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0