АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 555-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 85-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшитҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1947 шықәса рзы ииз апациентка. Илзықәыргылаз адиагноз хадаакоронавирустә инфекциа ҿыц ауп, иара убас илыдбалан ҩганктәи ахәышәтәырҭанҭыҵтә аполисегментартә гәыҵәкра.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 125-ҩык, урҭ рахьтә 107-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 54-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 25-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 48-ҩык апациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>