Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Логәуа акультуратә хәышҭаарақәа русура иазкны
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны акультуреи аҭҵаарадырреи рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩс ажьырныҳәа 22 рзы дҟаҵан Нугзар Логәуа.
"Акультура аганахьала иҟоу аусбарҭақәа зегьы, хымԥада, иҷыдоу, игәцараку ахылаԥшра шрыҭатәу убоит. Акультуреи аҭҵаарадырреи рганахьала хәыҷык ажәа хьанҭазар ҟалап, аха зегьынџьара шәага-загас иҟоу ахаҭабзиара ҳәа изышьҭоу ауп. Алҵшәа ҟалоит аҳәынҭқарра еилкааны азҵаатәы анықәнаргыло, иаҳҳәап, атеатрқәа иахьа рҭагылазаашьа шыҟоу, уи аҩаӡара наргар ахьынӡарыхәҭоу. Аҳәынҭқарра урҭ ирхылаԥшроуп, ирывагылароуп, ирыцхраалароуп", - иҳәеит Логәуа.
Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.