Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьежьразы иаҭаху рҳәеит

© Foto / Кабинет Министров Республики Абхазия В Кабинете Министров обсуждали возможность возобновления учебного процесса в феврале
В Кабинете Министров обсуждали возможность возобновления учебного процесса в феврале  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирыҵанакит ашколқәраҟынӡатәии абжьараҵаратәии аусҳәарҭақәа, аԥкрақәа амч рымазаауеит жәабран 10 рҟынӡа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿ аҵаратә процесс жәабранмзазы азыгьежьра алзыршо аҭагылазаашьақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.

Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны
Владимир Делба: Аԥсны аҵаратә процесс хацыркхар алшоит

Аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аҩашаҽны дырԥылеит Агәабзиарахьчара аминистр, Ареспублика асанитартә ҳақьым хада, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр. Аиԥылараҿы иалацәажәан етап-етапла аԥкрақәа рырԥсыҽра алыршара азҵаара.

Аиԥылараҿы иалкаан аҵаратә процесс ахацыркразы ихымԥадатәиу афакторқәа.

"Ари азҵаараҿы ихадоу ароль назыгӡо жәабран 10 рҟынӡа ачымазара аҿиара адинамика зеиԥшрахо ауп. Уи адагьы хадара ауеит агәабзиарахьчара асистема ахьынӡазыҟаҵоу, ахәшәқәа рымазаара, аныхратә материалқәеи ахыхьчагатә материалқәеи рыҟазаара. Ашколқәеи егьырҭ аҵаратә усҳәарҭақәеи раартра азҵаара ахәаԥшраҿы ишьаҿа хаданы иҟоуп иара убасгьы аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа – аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара, арҵаҩцәа рыбжьара ичмазцәоу рхыԥхьаӡара", - иҳәеит Владимир Делба.

Иара анапынҵа ҟаиҵеит аусбарҭабжьаратә еинырра аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа мҩаԥыргаларц, аҵаразы араионтә усбарҭақәа ирымадазарц, аҵаратә процесс аиҭахацыркра аконцепциа аус адыруларц аҵаратә усҳәарҭақәа зегьы рзы хазы-хаз аепидемиатә ҭагылазаашьа азгәаҭо.

"Ахәыҷбаҳчақәа, абжьараҵаратә школқәа, абжьара-профессионалтә усҳәарҭақәа раартра алацәажәара макьаназы изаауп. Уажәы ҳара иаҳуалу ахада иусԥҟаҿы иарбоу аҿҳәара аҽазырхиароуп. Аҵаратә процесс ҳзалагар ихадараны ҳҿаԥхьа иқәгыло азҵаара иара аиҭеиԥҟьара алмыршароуп. Апланқәа, ажәалагалақәа азырхианы Акоординациатә штаб изаамҭанытәиу аилатәараз инагатәуп", - иҳәеит Делба.

Ҭамаз Ҵахнакьиеи Лиудмила Скорики иахьазы иҟоу аепидемҭагылазаашьа ахәшьара аҭо иазгәарҭеит аԥкратә уснагӡатәқәа ишалдыршаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара аиҵахара.

© Foto / Кабинет Министров Республики Абхазия Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьыжьра аҭагылазаашьақәа ирылацәажәеит
Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьежьразы иаҭаху рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьыжьра аҭагылазаашьақәа ирылацәажәеит

"Астационартә хәышәтәразы ауаа еиҳа имаҷны инанаго иалагеит. Ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаало рхыԥхьаӡарагьы еиҵахеит", - рҳәеит агәабзиарахьчаратә система ахаҭарнакцәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирыҵанакит ашколқәраҟынӡатәии абжьараҵаратәии аусҳәарҭақәа, аԥкрақәа амч рымазаауеит жәабран 10 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0