Абыргра арԥысрала иалагоит. Уанбыргхалак ҳаҭыр-пату уқәырҵар уҭахызар, уанарԥысу инаркны ууаҩра ҳаракны, утәашьа-угылашьа, уфашьа-ужәшьа, уцәажәашьа-ухәыцшьа аԥсуара ианаало зегь рыла ухы мҩаԥугалароуп. Убасҟан ауп уаҳаҭыр аныҟало. Убасҟан ауп уажәра ҳаҭыр анақәу.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ауаҩы иԥсҭазаара аҩнуҵҟа еиуеиԥшым ақәратә аамҭақәа дырхысуеит, "ихәыҷымкәа идухахьада", уи зегьы еицаҳзеиԥшуп, зны дсабиуп ҳәа узхәаԥшуаз ԥхьаҟа ддухоит, деизҳауеит, нас мышкы зны иаԥхьаҟа абырграгьы ишәхымс иаалагылоит. Аамҭа аҽыҩ иаҩызоуп, улаԥш нахьымӡо иласуп аныҟәашәа. Ахәыҷра, аизҳара, аҿара, абыргра аӡәгьы дзацәцом, аӡәгьы изынкылом урҭ ақәратә аамҭақәа рҽеиҭныԥсахлара.
- "Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак
-
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак
-
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак
Ауаҩы қәрала иеизҳара ирыбжьанакыз аамҭақәа ирымоуп рхатәы хьӡқәа. Аԥсуа быргцәа рыҿцаа аҟнытә ақәратә аамҭақәа шоит жәаҩаџьара. Ҳәарада, уи аихшара авариантқәа амамкәа иҟам, аха хшыҩзышьҭра аҳҭап иаҳа ихадақәоу.
Ахацәеи аҳәсеи ирзеиԥшуп хы-қәрак: аӡҟы, асаби, аҵәрышкәа.
- Аӡҟы – зхаԥыцқәа маац, шықәсык зхымҵыц ахәыҷы,
- Асаби – шықәсык днарҭысны 5 шықәсанӡа,
- Аҵәрышкәа – 5 шықәса инадыркны 10 шықәсанӡа.
Анаҩс ахацәеи аҳәсеи рықәратә аамҭақәа рҽеихыршоит. Ахацәа рзы уи алагоит абас:
- Арԥыс – 10 шықәса ирҭысны, 16 шықәса рахь инеихьоу,
- Афрарԥыс – ҳәа изырҳәоит ԥҳәыс даазгаша 18 шықәса инадыркны 25 шықәса ирҭалахьоу аҷкәын изы,
- Ахаҵа – ԥҳәыс даазгахьоу, иҭаацәарахахьоу – 25 шықәса инаркны 50 шықәсанӡа,
- Аҭаҳмада – 60 инаркны 70 шықәсанӡа,
- Абырг – 70 инаркны 100 шықәсанӡа,
- Аҵлаҳәысҭа – иҭаацәароу, аха ихшарадоу изку ажәоуп. Ажәа аауеит зхала аҳәысҭа ду иқәхаз аҵла "аҳәысҭаҵла" аҟынтәи,
- Алыгажә – ԥҳәыс даамгаӡакәа баша зҽызражәыз изҳәоуп,
- Ажәырга – 100 шықәса дырҭысны, ҳаҭырла 150 шықәсанӡа инеиз изҳәан.
Аҳәса ирзынархоу ақәратә аамҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи шьақәгылоуп анеиҩс иаагоу ажәақәа рыла:
- Аҭыԥҳа – 10 шықәса дырҭысны 15-16 шықәса рҟынӡа зықәра неихьоу илзырҳәоит,
- Аԥҳәызба – хаҵа дрымазар зықәнагоу, 18 шықәса дырҭысны 25 шықәса ирҭалахьоу,
- Аԥҳәыс – ҳәа лзырҳәоит иҭаацәарахахьоу, ахшара зцәа иалҵхьоу,
- Аҭакәажә – 60 инаркны 70 шықәсанӡа,
- Аҭыџьҳа – дызгоз ирыцымцаз, дзымгоз ирышьҭаз убас ала зхы зражәыз илзырҳәоит аҭыџьҳа,
- Аҟыргә – иҭаацәараз, ахшара змаз, аха чмазарылеи машәырлеи зыхшара зыԥхаз, аӡәгьы дызмамкәа адәы иаақәхаз илызҳәоуп.
Иҟоуп аҳәсеи ахацәеи еицырзеиԥшу, урҭ рықәра азырбо даҽа ажәақәакгьы:
- Амажәроу – аамсҭашәала 150 шықәса иҭысыз ирызкны, ауаҩы иқәра заҟароу узырбо ажәоуп. Ахацәа реиԥш аҳәсагьы еицырзеиԥшны амажәроу ҳәа анырзырҳәо ыҟан. Амала, ари ажәа иамоуп даҽа варианткгьы.
- Амажәроу – ари ажәа аҩбатәи авариант аҟны ԥҳәыс даамгаӡакәа зҽызражәыз ахаҵа ихьӡуп "амажәроу", хаҵа имцаз аԥҳәызба "аҭыџьҳа" шылзырҳәо аиԥш. Ажәа ахаҭа иаҳәоит – "зажәра зроуз" (урыс бызшәала "холостяк"),
- Абырг – ари ажәа аԥҳәысгьы ахаҵагьы рзы еиҟараны рхы ианадырхәо ыҟоуп, иаагозар аԥҳәыс-бырг рҳәоит, иара ажәа 70 шықәса инаркны 100 рҟынӡа зхыҵуа ирзынархоуп.
Ахыркәшамҭазы исҳәарц сҭахуп, иарбан қәратә аамҭазаалак иузыннажьуеит угәаҵаҿы иҵәахызаауа аԥшӡара, ахаара, хнырҳәышьа змам агәалашәарақәа. Урҭ ацәаныррақәа уԥсы ахьынӡаҭоу иуцзаауеит. Убри аҟнытә, илашазааит шәыԥсҭазаара, ибеиазааит иссиру, игәыҟаҵагоу, хашҭра змам ахҭысқәа рыла.
Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аман ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи".