"1851 шықәса рзы идыргылаз ашкол ишышны иҟаз аԥсуа ԥацха еиԥшын. Уадак ала ишьақәгылан. Анаҩс иҟарҵеит ҩ-уадак рыла ишьақәгылаз. Иҟан аиҵбыратәи аиҳабыратәи аклассқәа еилатәаны аурокқәа анымҩаԥыргоз. Иахьа ҳара аҵара ахьаҳҵо ахыбра ргылан 1936 шықәса рзы. Ҳәарада, иара аиҭарҿыцра зҭахыз ак акәны иҟан. Хышықәса ҵуеит уи аремонттә усурақәа ҳарҿуижьҭеи. Ашкол аҭагылазаашьа даара ицәгьан. Иара ус аԥенџьыр захьӡыз ҳәа акгьы амамызт. Адашьма, ахыб, алашара уҳәа акгьы ыҟамызт. Убас ҳшыҟазгьы аус аауан. Аӡынра даара ицәгьан. Уажәы зегь раԥхьа аусурақәа анхацдыркуаз, афымцатә трансформатор ааган идыргылеит. Нас иара ахыбразы аусурақәа ирылаган араҟа ирҿыцуп зегьы. Ашкол ахаҿреи агәаҭеи, зегь рыла инагӡоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Амҷба еиҭеиҳәеит Гәымарқыҭ инхо ирыбзазашьоу атәы