Аԥсны акоронавирус злаз фҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Евгений Козырев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыпуск препарата для борьбы с COVID-19 на Иркутском заводе "Фармасинтез"
Выпуск препарата для борьбы с COVID-19 на Иркутском заводе Фармасинтез - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 426-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 44-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, жәабран 1 – Sputnik. Аԥсны акоронавирус злаз фҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аҵыхәтәантәи ҩымш рыла акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны: 1937, 1961 шықәсқәа рзы ииз ҩыџьа ахацәа, 57 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны рыԥсҭазаара иалҵит: 1973 шықәса рзы ииз аԥҳәыс, илыдбалан зымҩасшьа бааԥсыз авирус-бактериалтә ҩганктәи гәыҵәкра, 1946 шықәса рзы ииз аԥҳәыси, 1962 шықәса рзы ииз ахаҵеи акоронавирус рзышьақәырӷәӷәан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 109-ҩык, урҭ рахьтә 93-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 31ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 31-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 41-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11564-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9902-а, рыԥсҭазаара иалҵит 178-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0