АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Очамчыра араион инхо Дмитри Воуба Гагра араион ашьаусԥшаареи апатруль-посттә маҵзуреи русзуҩцәа дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ахаҵа дааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахысуаз. Игәаҭараан идбалан анаркотикатә маҭәашьар метадон.
Ареспублика Ашьаустә Закәанеидкыла инақәыршәаны анаркотикатә маҭәашьар закәаншьаҭада аахәаразы, Аԥсны аҵакырахь алагаларазы, аҭира хықәкыс иҟамҵакәа аҵәахразы Воуба шықәсык инаркны хышықәсанӡа иқәырҵар ҟалоит, закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар аҟаҵара, аахәара, аҵәахра, амҩангара аҭира хықәкыс иҟаҵани анаркотикатә маҭәашьар аҭирази иара иқәырҵар ҟалоит хәышықәса инаркны аашықәсанӡа, ахараԥса 150-200 нызқьмааҭ ацҵаны.
Воуба уажәы амедицинатә гәаҭара мап ахьацәикыз ази анаркотикқәа рыдкыларази 5 уахыи-ҽни административтә ҭакра дахысуеит. Абри ашьҭахь иқәҵа азгәаҭахоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Апсихотроптә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа ралагаларазы ахаҵа даанкылоуп
-
Афон ҿыц иаанкылоуп Аԥсныҟа иааргахьоу рахьтә аметадон иреиҳаӡоу апартиа