"Ҳара макьана иҿоу ҳәынҭқарроуп, аргылара ҳаҿуп азинтә ҳәынҭқарра. Атәылаҿы иҟалои иҟамлои ԥҟарала еиқәыршәатәуп, уи азакәан ауп. Амаининг ахархәаразы иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы ԥҟарала еиқәмыршәаӡакәа иаанхеит. Амаининг ахархәара зынӡагьы азин ыҟаӡам ҳәа ақәҵара анҳау, уигьы уахымԥароуп. Уахымԥарцаз иҟоу иуқәыӷәӷәо аҭакԥхықәра, иумоу ашьақәырӷәӷәаразы, аилыргаразы ауп апарламент ахь инеиз апроектқәа зызку. Иахьазы иҳамоуп ақәҵарақәа: аус мап ацәкуп, аха ҭакԥхықәрас иҟоу, иарбан уадаҩрас ирызҵысуа ари аԥҟарақәа еилазго, убри зегьы уанахәаԥшуа иҟам рацәоуп, иҟоугьы даара иԥсыҽуп. Административтә кодекс аҿы ахараԥсақәа иҟоу даара имаҷуп, урҭ рӷәӷәатәуп, алашара ирацәаны зхы иазырхәуа рзы ахараԥса ду рықәҵоуп апроект аҿы. Аҩбатәи ашьаҿа акриптоԥара зырҳауа мап рцәаҳкуеит, аха иҳалшои иахьатәи аамҭазы ҳзакәанқәа, ҳаԥҟарақәа рыла иаанызкыло аҟаҵара- акымзарак. Ацәаҳәақәа хаҳәҵәеит уаҳа акгьы, аха анаҩс еиҭа иаҿаркуеит. Убри аҳәаақәҵара ауп изызку уажәазы иҟоу алагалақәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бжьаниа иҳәеит аԥсуа енергетика шәарҭарыда аус аурц азы заҟа аԥара аҭаху
-
Амаинер ишьҭашәарыцара: аенергетика апроблемақәа рыӡбашьа аԥшаара