Аслан Бжьаниа ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәа дырҭааит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме
Президент Аслан Бжания на церемонии возложения цветов в Парке Славы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада дымҩаԥыргон Аԥсны АШәМ ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.

АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәа - Аԥсны АШәМи Аԥсны ААРи дырҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2020
Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра амилициа аусзуҩцәа руалафахәы иацнаҵоит

Бжьаниа дырԥылеит Аԥсны АШәМ ажәбатәи аҟәша аилазаара. Атәыла арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада аҟәшаҿы амаҵзура ахысра аҭагылазаашьақәа шцо ибеит. Иара иҳәеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ауалафахәы ианеиҵаха 70 процент ишышьҭыху. Ашәарақәа ирылагараны иҟоуп ааԥынразы.

Аулафахәы шьҭырымхыцкәа иҟан 2008 шықәса раахыс.

Ахада ирбан ааигәа аилазаара амаҵзурауаа рнапала аремонт ззыҟарҵаз аспорттә зал.

Аслан Бжьаниа иара убасгьы даҭааны ибеит Аԥсны АШәМ ахырхарҭа ҷыда змоу Ацентр. Аинтерес кны дазҵааит абаза атехникатә еиқәыршәара зеиԥшроу, амаҵзурамҩаԥгара аҭагылазаашьақәа, ирымоу абџьари аџьаԥҳани. Аоперативтә еилацәажәараҿы Ацентр аусура атәы ахада изеиҭеиҳәеит аиҳабы Џьон Аҭәмаа.

Бжьаниа имҩаԥигаз аоперативтә еилацәажәара иалахәын Аԥсны АШәМ ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, СОБР акомандир, аподполковник Рашь Ҵәыџьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0