Аԥсны аоперштаб: даҽа 23-ҩык COVID-19 рыдырбалеит

© AFP 2023 / RAUL ARBOLEDAМедицинский работник измеряет температуру тела перед прохождением теста на коронавирус COVID-19 в Боготе 15
Медицинский работник измеряет температуру тела перед прохождением теста на коронавирус COVID-19 в Боготе 15  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11761-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10598-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 180-ҩык.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 259-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 23-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 104-ҩык, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 56-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 37-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 26-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0