Аԥсны раԥхьаӡа акәны аҩны ашампинионқәа раарыхра иалагеит. Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Елена Арӡынԥҳа лҭаацәеи лареи еиҳабыратәым аиҿкаара "UNDP" 900 нызқь мааҭ ахьрырҭаз иабзоураны Аԥсны макьана изышьцылам абизнес нап адыркит. Уи ирырҭаз аԥарала аԥшәмацәа ахыбра аремонт азыруит, иаархәеит иаҭахыз амаругақәа.
Аха агрант ала Елена илзыԥҵәаз аԥара лзымхеит афымцамчаҿы иҟалаз акризис иахҟьаны. Лара атрансформатори, астабилизатори, афымцацәаҳәақәеи раахәаразы 300 нызқь мааҭ аԥара уалла илгар акәхеит.
Аиҭаҳатә Елена иаалгоит Краснодарнтәи. Раԥхьатәи апартиа ааит ҩымз раԥхьа, мызки бжаки рышьҭахьгьы ашампинионқәа ирызҳаит. Дара ирласны ирызҳауеит, ирласынгьы иеизгатәуп. Раԥхьатәи рҽаҩра уахык иалагӡаны Еленеи лыԥшәмеи 65 килограмм инареиҳаны акәыкәбаақәа еизыргеит. Абизнес ашьаҭа акыижьҭеи 300 килограмм ашампинионқәа рыҟәшәахьеит.
Лыхнытәи акәыкәбаақәа раԥхьатәи рҽаҩрақәа Аҟәа, Афон ҿыц, Гәдоуҭа рыдәқьан дуқәеи гәдоуҭатәи аџьармыкьеи рҿы аҭиразы илымдырхәҳаит.