"Хәызмам аҭынха": Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аноминациа ҿыц алагалахоит

© Sputnik / Владимир АстапковичФазиль Искандер
Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә ахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит жәабран 15 инаркны хәажәкыра 28 рҟынӡа. Ахәбатәи асезон аҟны аноминациақәа фба ҟалоит.

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аноминациа ҿыц "Хәызмам абеиара" алагалахоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

"Хәызмам аҭынха" – аурысшәахь аԥсуа бызшәаҟынтәии, Урыстәыла егьырҭ амилаҭқәа рбызшәақәа рҟынтәии, ИАР атәылақәа рбызшәақәа рҟынтәии еиҭагоу апрозазы номинациоуп.

"Ари аноминациа Урыстәылеиԥш Аԥсны азынгьы хра аманы иҟоуп. Аԥсны иҟоуп ишьахәӡаны иҩуа. Урҭ аурыс ԥхьаҩы идыруазароуп. Аҳәаанырцәгьы аурысшәаҟынтә аиҭагара еиҳа имариоуп аԥсшәа аҟынтә аасҭа. Ишыжәдыруеиԥш есышықәса аицлабра урысшәала иҩуа аԥсыуа шәҟәыҩҩык далахәуп. Аха аԥсышәала иҩуа аган иавахоит", - иҳәоит Евгени Попов.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Уаанӡа ирыдгалаз хә-номинациак - "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Чегьемтәи аҳаракырақәа", "Ахәыҷра аҵла" ракәын.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә ахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит жәабран 15 инаркны. Ажиури аиҳабы иажәақәа рыла, алахәхаразы арзаҳалқәа нарышьҭуа иалагахьеит.

Евгени Попов иҳәеит еиҳа-еиҳа аԥхьахә ахьӡ шдухо. Хәынтәуп иара мҩаԥысуеижьҭеи. Аԥхьатәи асезонқәа раан иаарышьҭуаз арзаҳалқәа маҷзар, уажәы еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәагьы рырҿиамҭақәа аарышьҭуеит.

"Арзаҳалқәа рацәоуп. Ҵыԥх ашәҟәыҩҩцәа дуқәагьы алахәхеит. Аноминациақәа руак иоуит сыжәлантә –аклассик Валери Попов, Бродскии Битови рҩыза бзиа. Сынтәагьы ҳазыԥшуп аинтерес ду цәырнагап ҳәа", - иҳәоит Попов.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә ахь арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшахоит хәажәкыра 28 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0