Аԥсны аиҳабыра абнатә былрақәа рпроблема аӡбаразы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит

© Foto / МЧС РАРабочая группа по проблеме лесных пожаров создана распоряжением правительства Абхазии
Рабочая группа по проблеме лесных пожаров создана распоряжением правительства Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2021
Анапаҵаҩра
2019, 2020, 2021 ажьырныҳәамза ирыҵаркуа аамҭазтәи астатистика ишаҳәо ала, Аԥсны АҶА 1221-нтә аԥсабаратә былрақәа рырцәаразы ицахьеит.

АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра ақәҵарала иаԥҵоуп абнатә былрақәа рпроблема аӡбаразы аусутә гәыԥ ҳәа аанацҳауеит атәыла АҶА апресс-маҵзура.

Аԥсабаратә былрақәа рцәырҵра аԥырҟәҟәаарази рхылаԥшразы аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵаразы аԥшьгамҭа ҟанаҵеит Аԥсны АҶА ажьырныҳәа 25 рзы.

Аусутә гәыԥ иалоуп АҶА, Аекологиазы аҳәынҭеилакы, Абнатә нхамҩазы аҳәынҭеилакы, "Амшынеиқәафымцамч", иара убас араионқәа зегьы рхадарақәа рхаҭарнакцәа.

АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит абнабылрақәа рпроблема аӡбара комплексла иазнеитәуп, аицхыраара аҭахуп, избанзар аиқәырхаҩцәа рхала абылрақәа изыриааиӡом ҳәа.

АҶА аҟазауаа иара убас иазааҭгылеит абнабылрақәа рпроблема азинтә гангьы. Дара ишазгәарҭаз ала, ауаа идырны абнара амца анацрарҵо ахҭысқәа шыҟалало. Аусутә гәыԥ раԥхьатәи аилатәараҿы иазгәаҭан ареспублика Абнатә закәанеидкылеи Ашьаустә закәанеидкылеи аиҭакрақәа ралагалара шаҭаху, амцакрақәа рцәырҵра зхароу ирықәнагоу ашьауӷа рақәыршәаразы.

ПК МЧС о пожарах - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2021
Аԥсны АҶА: амца зыцраз абнақәа рзеиԥш ҵакыра х-нызқь гектар иреиҳан

Абнабылрақәа раԥырҟәҟәаареи ирласны рырцәареи алзыршо иреиуаны иазырԥхьаӡеит абнақәа ирывоу адгьылқәа рҟны асанитартә цәаӷәарақәа рымҩаԥгара, Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аӡы рталарц ахьрылшо иԥсабаратәым аӡмыжьқәа рыжра, авольтҳарак цәаҳәақәа ахьыиасуа изызҳауа ҵла дуқәа рыԥҟара.

Аусутә гәыԥ анаҩстәи аилатәараҟны уи иалахәу аусбарҭақәа иадыргалароуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иҟаҵатәу аконкреттә шьаҿақәа рзы ажәалагалақәа, абылраҽацәыхьчарази аԥсабаратә былрақәа раԥырҟәҟәаарази раԥыхрази.

2019, 2020, 2021 ажьырныҳәамза ирыҵаркуа аамҭазтәи астатистика ишаҳәо ала, Аԥсны АҶА 1221-нтә аԥсабаратә былрақәа рырцәаразы ицахьеит. Ауаатәыҩса рыбжьара урҭ абнабылрақәа ирыхҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит, аха ауааԥсыреи аҳәынҭқарреи аматериалтә ԥхасҭа ду роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0