Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа: Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза амаҵ азызуа, аҵара змоу аҿар ыҟоуп

© Foto / предоставлено Астамуром КварчияАстамур Кварчия
Астамур Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳаиртә мчқәа авиациатә маҭәахәла реиқәыршәаразы агәыԥ анапхгаҩы Асҭамыр Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҳаирпланқәа рымаҵ ауразы Аҟәатәи абаӷәаза анџьнырцәа ргәыԥқәа рзанааҭтә ҩаӡара зеиԥшроу, русура иаҵанакуа, аҳаиртә баӷәаза аартхар амаҵ ахьынӡарзазуа.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза амаҵ азызуа анџьнырцәа ирызкны

Аекономика аминистрра алаҳәара ҟанаҵеит авиациа аусхк аҟны аҟазауаа рыдкылара ишалаго Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҿы аиҭаҽазыҟаҵара ахысразы.

"Анџьныртә гәыԥқәа, иахьа аҳаиртә баӷәазаҟны аус зуа, аҵара змоу аҷкәынцәа рыла еиқәыршәоуп. Гәыԥцыԥхьаӡа хәҩы-фҩы аҟазацәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, асааҭ 9 рзы аԥыррақәа ирылагозар, анџьнырцәа 2-3 сааҭ уи аԥхьа инеины ишахәҭоу, арегламент ишаҳәо еиԥш, аҳаирплан амаҵ азыруеит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.

Жәабран 11 рзы Росавиациаҿ имҩаԥган Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аҳаиртә еимадара азҵааразы аилацәажәарақәа. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи Урыстәыла Аҳаиртә транспорт афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Нерадькои Москва еиԥылеит. Нерадько иҳәеит аус адулоуп амҩақәҵаратә хсаалага ҳәа. Кристина Озганԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза акомплекс аобиектқәа апроект рзыҟаҵара сынтәа иалагоит ҳәа.

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҟны иҳәахьан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра 2024 шықәса иахыгамхароуп ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари мышкы-ҩымш ирусу шакәым, аха апроект шынагӡахо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0