АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра ҩышықәса ириеҵамкәа иаҭаххоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада ателеканал RT аинтервиу анеиҭоз.
"Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи ахархәара алагареи ҳара ҳзы акрызҵазкуа темоуп. Урыстәыла атранспорт аминистрраҿы даара иҵауылаз ацәажәара ҳаман. Сгәалаҟазаарагьы шьҭнахуа иҟан", - иҳәеит Бжьаниа, иагьазгәеиҭеит ари азҵаара аӡбра ҩышықәса ириеҵамкәа ишаҭаху.
2019 шықәсазы Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" жәларбжьаратә анбантә код аиуит. Иара убасгьы иара аицтәаратә баӷәаза астатус аиуит. Уи иазыԥхьагәанаҭоит аграждантәи аҳәынҭқарратәи (арратә, аҳазалхратә, аҳәынҭқарратә маҵзура мҩаԥызго аҽа хкык) авиациа абаӷәазаҿ реицыҟазаара.
Апроект инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭан аинвесторцәа абаӷәазатә комплекс шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылоит ҳәа.
Жьҭаара 28 рзы апресс-конференциаҿы, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза хымԥада иаарттәуп, аха уи аҟаҵара уадаҩуп иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Иазгәеиҭеит Аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи ассоциациа Чикаго ақалақь аҿы иҟоу аҟны Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" Қырҭтәыла иатәны ашәҟәы ишҭагало. Аҳаирплан дырбаандаҩуеит аоккупациа зызу аҵакырахь иԥыруеит ҳәа, иҳәеит иара. Ари аус аҿы лассы еиҭакра бзиак ҟалап ҳәагьы дақәгәыӷуам аминистр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бжьаниа аҳаирбаӷәаза аусура ахацыркразы Росавиациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ диҿцәажәеит
-
Бжьаниа: Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаирбаӷәаза 2023 шықәсазы аусура иалагап ҳәа