Амцакра ҟалеит аҟәатәи ахатә школ аҿы

© Foto / МЧС РА Произошел пожар в школе "Альфа" в Сухуме
Произошел пожар в школе Альфа в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА адыррала абылра ҟалеит иаҿаркыз арԥхага иахҟьаны. Амца дырцәон амцарцәаратә ҟәшақәа хԥеи аиқәырхаратә ҟәшеи.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Ахатә школ "Альфа" ахыбраҿы уахынланы амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА. Ашкол ахыбра алҩа шықәчыз лбеит ааигәа инхоз аԥҳәыс, лара АҶА ахь адырра ҟалҵеит.

Аҟәатәи амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аусзуҩцәа уахь инеиит х-минуҭк рыҩныҵҟа. Уи аамҭазы аҩбатәи аихагылаҿы ауадақәа руак амца еимҽханакхьан, иблыз адашьма актәи аихагылахь еилаҳахьан.

Амца дырцәон амцарцәаратә ҟәшақәа хԥеи аиқәырхаратә ҟәшеи. 24 метр ԥшьыркца иҟаз аҵакыра блит.

Аԥсны АҶА заанаҵтәи адыррала абылра ҟалеит иаҿаркыз арԥхага иахҟьаны.

Аԥсны АҶА агәҽанҵара ҟанаҵоит аӡынтә сезон азы амцакраҿагыларатә уснагӡатәқәа рықәныҟәара шаҭаху азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0