"Анапы ҳалал" иацәырӷьычыз амашьына Аԥсны ААР аусзуҩцәа ирыԥшааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии
Архивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд амаҵзуратә машьына рӷьычит 2020 шықәса лаҵара 9 ауха. Амашьына иҭан адиректор ихатәы документқәеи амедицинатә цхыраара иазынархаз амаҭәашьарқәеи.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ирыԥшааит шықәсык аԥхьа иӷьычыз Агәыҳалалратә фонд амаҵзуратә машьына ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд ашьаҭаркҩы Агнешка Филиппова.

"Хымчыбжь раԥхьа аҭел иаҳзасны иҳарҳәеит автомашьына Тҟәарчал араион аҿы ишырбаз. Абри ашьҭахь аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуан. Иахьа автомашьына ҳарҭеит", - лҳәеит лара.

Аусбарҭатә информациа инақәыршәаны, азарал иартәон 203 500 мааҭ, урҭ рахьтә 190 нызқь мааҭ – амашьына ахә ауп, 13 500 – ахатәы маҭәарқәеи агуманитартә еидареи.

Мигалки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2020
Афонд "Анапы ҳалал" амашьына аӷьычра аганахьала аус хацыркуп

"Амашьына аремонт аҭахуп. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аминистр Дмитри Сергеи-иԥа Дбар раԥхьа днаргыланы амилициа аусзуҩцәа, Аҟәатәи ААР аусҭҵааҩ Милана Габлиаԥҳа, аусҭҵааҩцәеи. Жәымз шҵызгьы амашьына аԥшаара рылдыршеит", - лҳәеит Филиппова.

Афонд анапхгаҩы линформациала ацәгьоуцәа макьана иԥшаам.

Агәыҳалалратә фонд амаҵзуратә машьына рӷьычит 2020 шықәса лаҵара 9 ауха. Абри аганахь ала аусҭҵаара хацыркын.

Афонд аԥҵаҩы Агнешка Филиппова уаанӡа ишылҳәахьаз ала, ирӷьычыз амашьына иҭан афонд адиректор ихатә документқәа, иара убас Аҟәеи, Гагреи, Драндеи иҟоу абахҭақәа русзуҩцәеи иҭакуи рзы агуманитартә медицинатә цхыраара – анапҭарԥақәа, хә-литрак арзҩыдатәга, аинсулинтә гәырқәа 500.

Агәыҳалалратә фонд "Анапы ҳалал" Аԥсны аус ауеит 2017 шықәса раахыс. Афонд аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп – адоуҳатә еиҭашьақәыргылара, агуманитартә цхыраара аҟаҵара, зус ӡбоу рзы азиндырратә консультациақәа рымҩаԥгара. Афонд ацхыраара рнаҭоит иара убас иҭаку рҭаацәарақәеи, зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0