Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Барганџьиа: атәылаҿы иҟоу атехника зегьы ацәаӷәара аамҭазы еиқәыршәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Ацәаӷәаразы араионқәа рҿы амашьынатә-трактортә станциақәа ахьынӡазыхиоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.
Хра злоу ахҭысқәа: Барганџьиа араионқәа ацәаӷәара разырхиара иазкны

"Ацәаӷәара аамҭа макьана имааицт, аха уи азы иҳамоу атехника архиаразы аусура мҩаԥысуеит. Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы иаԥҵан акомиссиа, араионқәа рахь иныҟәон, игәарҭон атехниказы аҭагылазашьаа зеиԥшроу атәы. Уажәнатә иуҳәар ҟалоит атәылаҿы иҟоу атехника зегьы еиқәыршәахоит ҳәа, иагыз ҟаҵахоит. Ацәаӷәара зҭаху иҟаиҵоит аҳәара, анаҩс инеины ирцәаӷәоит. Ҳара иҳамоу атехникала ҵыԥх аасҭа сынтәа аиҳа ҩынтә еиҳаны иаҳцәаӷәарҭә алшара ҳамоуп, аха ацәаӷәара аамҭа анааилак, иаразанак зегьы рҿы иузыцәаӷәаӡом, амшцәгьагьы уи аус еиԥнарҟьоит. Астанциа ақалақь аҿоуп иахьыҟоу, атехника ақыҭақәа рахь ицароуп, уигьы аамҭа агоит. Знык дахьцо даҽа ҩынтә-хынтә ацара иқәшәоит, избанзар, зегьы аԥара еицрымам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барганџьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0