Аекономикатә политика ахырхарҭа хадақәа ралкааразы, аԥыжәара ззутәу ажәалагалақәа рзы иаԥҵоу аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит жәабран 26 рзы, Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ихантәаҩрала.
"Аекономика ԥхьаҟа ицарц азы Аԥсны ахада иҟны ахеилак еиҿыркааит. Уи ус дууп, иадгылазгьы маҷӡам. Аԥхьа иргыланы программак аҳасабала ас еиԥш аус еиҿызкааз 2000 шықәсазы аҵарауаҩ Олег Шамба иоуп... анаҩс Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь аконцепциа еиҿышәкаа ҳәа иҳадиҵеит. Беслан Бараҭелиа инапхгарала еиҿаҳкааит уи 2005 шықәсазы. Уи ашьҭахь 2014 шықәсазы аҳәынҭқарра ахада иҳадиҵеит астратегиа аҟаҵара. Уи Олег Дамениа напхгара зиҭоз ацентр аҟны еиҿкаан, аус адызулоз 90 процент рҟынӡа ауниверситет аусзуҩцәа ракәын. Абри зхысҳәаауа, усҟан иҳадаҳкылоз адокумент дуқәа реиԥш ҩаԥхьа иаҳмыхьааит. Москвагьы еиҿыркаахьан 25 шьаҿа аекономика аҿиаразы. Арҭ зегьы бзиоуп, аха ҩаԥхьа иаҳмыхьааит ҳәа зысҳәо, еиҿаҳкаауеит, иҟаҳҵоит, анагӡара роуӡом", - иҳәеит Шьалашьаа.
Иара убасгьы игәаанагара иҳәеит еиҭамҵуа амал аҭира, анефт аҵхра рызҵаарақәа рыла аекономика аҿиаразы игәаанагара.
Шәазыӡырҩы аудио.