Германиа "Спутник V" ибзиоу лаҵоуп ҳәа ахнаҳәааит

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казахстане началось производство вакцины Sputnik V
В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2021
Анапаҵаҩра
"Спутник V" - Алаҵа "Спутник V" адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа аагара хара имгакәа имҩаԥгахоит.

МОСКВА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Германиа, Роберт Кох ихьӡ зху аинститут аҿы иҟоу алаҵаҟаҵаразы акомиссиа (STIKO) ахантәаҩы аҳәамҭа ҟаиҵеит "Спутник V" лаҵа бзиоуп ҳәа, инаҵшьны иазгәеиҭеит иара аԥызҵаз урыстәылатәи аҵарауаа абри аусхк аҟны аԥышәа бзиа рымоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари алаҵа - лаҵа бзиоуп. Евроеидгылагьы иазхарҵашт. Алаҵа аԥызҵаз урыстәылатәи аҵарауаа абри аусхк аҟны аԥышәа бзиа рымоуп", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит STIKO ахантәаҩы Томас Мертенс аҭыжьымҭа Rheinischen Post аинтервиу аҭо.

Мертенс алаҵа аԥыжәарақәа азгәеиҭеит:

В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
Bloomberg "Спутник V" урыстәылатәи аҭҵаарадырраҿы еихьӡара дууп ҳәа ахнаҳәааит

"Спутник V" Astrazeneca аиԥш вектортә лаҵоуп, ҵаҵӷәыс иамоуп аденовирус. Аха убри аан Astrazeneca аиԥш акәымкәа ҩ- вектортә вируск ахархәара рымоуп, актәии аҩбатәии адозақәа рзы. Уи авекторқәа рганахь ала аиммунтә ҭак хра анаҭоит".

Иара иҳәеит Германиа алаҵа шырзымхо.

"Алаҵа азхом. Адефицит аҭыԥ амоуп. Иахьазтәи апроблемақәагьы зыдҳәало уи ауп", - ҳәа иҳәоит Мертенс.

Германиа, Роберт Кох ихьӡ зху аинститут аҿы иҟоу алаҵаҟаҵаразы акомиссиа (STIKO) ихьыԥшым експерттә еиҿкаароуп, аусура хылаԥшра анаҭоит ФРГ Агәабзиарахьчара аминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0