COVID-19 злаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

© Sputnik Карета скорой помощи
Карета скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13207-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12650-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 208-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 176-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 40-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы ариабжьарак рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ауааԥсыра. Хәажәкыра 18 рзы иԥсҭазаара далҵит 1969 шықәсазы ииз апациент, хәажәкыра 19 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1941 шықәсазы ииз апациентка. Дара рдиагноз хада - акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 22-а апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп ф-ҩык, Очамчыра ирхәышәтәуеит хәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа шьҭаӡам.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0