Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Лакәиа Лыхны аҳәақәа рааӡарҭа аферма иазкны
"Аргылара ҳалагеижьҭеи 4 шықәса ҵуеит. Иҳаргылеит, аха иҵегьы иадҳәалоу кәамаҵамақәак ыҟоуп, ҳаизибамырхеит. Шьҭа ҩбаҟа шықәса ҵуеит ус игылоуп ахыбра, акгьы ҟаҳамҵацт. Аус иацаҳҵап ҳәа ауп. Ашьарақәа аахәатәуп, арахә ршьырҭа ргылатәуп, акәац ахьеиҿырхуа ҟаҵатәуп, афатәгьы аахәатәуп. Зыжәла бзиоу ашьарақәа раахәаразы 7-8 нызқь мааҭ аҭахуп хык. Хәымз-фымз рыла 100 кьылак рҟынӡа акәац унаҭоит зыжәла бзиоу аҳәаҵыс. Аус алагаразы 1000 инареиҳаны ашьарақәа аахәатәуп", - иҳәеит Лакәиа.
Шәазыӡырҩы аудио.