Америкатәи арра-мшынтә мчқәа ркреисер Амшын еиқәа иалалеит

CC BY 2.0 / U.S. Pacific Fleet / 180522-N-ZL062-0122Крейсер ВМС США "Монтерей"
Крейсер ВМС США Монтерей - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла мраҭашәаратәи аҳәаақәа рҿы НАТО амчқәа иаҳа-иаҳа ишарӷәӷәо ишаҿу азгәанаҭоит. Аҩадаатлантикатәи алианс ишаҳәо ала, амчқәа ахьеизнарҳауа мзызс иамоу "Урыстәыла агрессиа аанкылара" ауп.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Америкатәи арра-мшынтә мчқәа ркреисер Амшын еиқәа иалалеит, Урыстәыла Амшынеиқәатә флот уи иашьклаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәылатәи Афедерациа Амилаҭтә тәылахьчара анапхгараҭаратә центр адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Хәажәкыра 19 2021 шықәсазы Амшынеиқәа иҭалаз америкатәи арра-мшынтә мчқәа ркреисер "Монтереи" Амшынеиқәатә флот ашьклаԥшуа иалагеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

НАТО аҿы аҳәамҭа ҟарҵоит арегион аҿы Урыстәыла аҽахьарӷәӷәо дара ашәара шрызцәырнаго, уи азоуп алианс Амшын еиқәаҿы аҽзарӷәӷәо, избанзар ари аҵакыраҿы ашәарҭадара ахьчара иара азы хадара зуа хырхарҭаны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0