Аметеорологиа Адунеизегьтәи амш есышықәса иазгәарҭоит хәажәкыра 23 рзы. 1950 шықәсазы ари аҽны амч аиуит Адунеизегьтәи Аметеорологиатә еиҿкаара злаԥҵаз Аконвенциа.
"Аметеоролог изанааҭ аинтерес ду аҵоуп, амш аԥеиԥш дацклаԥшуеит, аҳауа аҭагылазаашьа аҽшаԥсахуа гәеиҭоит… Ашьыжь аусура ҳанааиуа, аинформациа ҳадаҳкылоит Аҟәеи Гагреи иҟоу астанциақәа рҟынтә. Иҳарҭоит аметеоелемент хкқәа рзы адыррақәа. Иаҳҳәап, аҳауа аԥхарра, ацәаакыра, амшынӡы аҟәандара, ацәқәырԥа аҳаракыра, иреиҳаӡоу, иреиҵаӡоу аҳауаԥхарра азы адыррақәа. Арҭқәа ҳхы иаҳархәоит азԥхьагәаҭақәа рыҟаҵараан. Убасгьы Урыстәылеи ҳареи аинтернет ала ҳаимадоуп, уаантәи ахсаалақәа ҳауеит. Зны-зынла иҳауа адыррақәа еиԥшӡам, убри аҟынтәи анализ ҟаҳҵоит мызкы аҩнуҵҟа аҳауа зеиԥшраз, ишыҟаз. Аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахаҵәҟьо ииашаны ишьақәургылар улшоит ҳәа иԥхьаӡоуп хымш инаркны бжьымшынӡа. Мызкы аҩнуҵаҟа амш зеиԥшрахо атәы аҳәара уадаҩуп, избанзар аҳауатә ҭагылазаашьа лассы-ласс аҽеиҭанакуеит. Урыстәыла акәзар, атехникатә хархәагақәа рацәаны ирымоуп, ҳара ус еиԥш алшара ҳамам. Аҳауагәаҭаратә станциақәа иахьа Аԥсны ҩба роуп иҳамоу, иҵегьы ыҟазҭгьы, иаҳа иаҳзымариахон аҳауатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо атәы аҳәара", - ҳәа азгәалҭеит Занҭариаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.