АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ахаҵа бырг дҭахеит ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит ақыҭа Ӷәада ахада Циала Ашәԥҳа.
"Аԥҳә лбааигон. Амина акәуу аграната акәуу ак иҵаԥжәеит. Уи атәы АҶА аусзуҩцәа еиҳа ирдыруеит. Иара д-Џьопуоуп. Ҷлоуи Ӷәадеи ақыҭақәа рҳәааҿы дынхон. 80-шықәса ихыҵуан",- лҳәоит лара.
Ҷлоу ақыҭан аԥжәара ҟалеит хәажәкыра 25 асааҭ 7:00-8:00 рзы. Еиҳа инарҭбаау информациа макьаназ иҟам.
Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа ишьақәирӷәӷәеит ахаҵа аԥжәара иахҟьаны дышҭахаз, аха иҟалаз шыҟалаҵәҟьаз издырам. Иара иажәақәа рыла аҭыԥ аҿы АҶА аусзуҩцәа неины иҟоуп, ирзыԥшуп АШәМ аусзуҩцәа раара.