Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьынқәба имҩаԥгахо аҭыԥантәи алхрақәа рзы: еиуеиԥшым амилаҭ ахьалахәу ҳаигәырӷьоит

© Foto / предоставлено Робертом ШинкубаРоберт Шинкуба
Роберт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Роберт Шьынқәба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа зхы рылазырхәуа акандидатцәа рхыԥхьаӡара шаҟа ыҟоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьынқәба аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа ирызкны

"Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 32 ҳамоуп Очамчыра араион аҟны. Ашәҟәы зыҽҭазгалаз рхыԥхьаӡара 55-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьынтә 15-ҩык апартиа "Амцахара" аҟынтәи рхы ықәдыргылеит. 40-ҩык акандидатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәа рҟынтәи иқәгылоу роуп. Зегь раасҭа еиҵбу 26 шықәса ихыҵуеит, дыҟоуп 65 шықәса зхыҵуа акандидат. Сынтәа убасгьы ааҩык аҳәса ыҟоуп адепутатрахь акандидатцәа. Аерман милаҭ еиуоу хҩык ыҟоуп, убасгьы ақырҭуа милаҭ еиуоу. Еиуеиԥшым амилаҭқәа рхы ықәдыргылеит араион аҟны адепутатрахь кандидатцәас, ҳаргьы уи даара ҳаигәырӷьоит. Ауаа алхрақәа ргәаҟны, рхаҿы иааганы активла рхы рыладырхәуеит", - иҳәеит Шьынқәба.

Иаҳа инарҭабааны аицәажәара шәаҳарц, шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0