Аҟәатәи аоперштаб закәаншьаҭада афымцамч зхы иазырхәо аҿыхзароуп аҳәеит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач в Красноярском крае
Линии электропередач в Красноярском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахада Беслан Ешба закәаншьаҭада акриптавалиута арҳара аҿагыларазы аоперштаб аилатәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Амаининг-фермақәа ԥшьба, зымчхара 20 киловатт иҟази, 50 киловатт зымчхара ыҟаз ахархәагақәеи аарԥшны иаҿыхын уаанӡатәи аҟәатәи ацәазауад ахыбраҿы ҳәа иҳәеит аилатәараҿы ақалақь "Афымцамчҭира" аиҳабы Џьамбулаҭ Аршба.

Уаанӡатәи аилацәажәарақәа руак аҿы "Афымцамчхылаԥшра" иаҭан 500 ҭыӡҭыԥ рсиа ақалақь аҵакыраҿы ахԥатәи афазақәа закәаншьаҭада иахьнагоу. Урҭ рҟынтәи жәаба заҵәык гәаҭан.

ЛЭП Яштуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит

Беслан Ешба иҳәеит агәаҭарақәа шырццактәу, ахьҭақәа шиасуагьы афымцамч ахархәара шеиҵамхо.

"Афымцамчхылаԥшра" аинспектор Саида Кәыџԥҳа лажәақәа рыла аобиект закәаншьаҭада ишаҿаку, административтә зинеилагаразы аԥкаанҵа, акт азырхиара, Аҳәынҭстандарт ари ахәаԥшразы рзынашьҭра, азинеилагаҩ инап иаҵарыҩра, аӡбарҭахь аус анашьҭра – уахыки-ҽнаки рҭахуп.

Беслан Ешба аихшаратә ҳақәа рыла аҭагылазаашьа ҭҵаалатәуп, абонентцәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа рхы иадырхәо афымцамч аилыргаразы ҳәа иҳәеит. Аха атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны "Амшынеиқәафымцамч" ари аҩыза аинформациа амам.

Аилацәажәараҿы аҟазауаа иазгәарҭеит х-фазак рынашьҭразы "Амшынеиқәафымцамч" азин ҟанаҵароуп, уи аҵаӷәы амазароуп ҳәа. Аобиект зхатәу анаплакахь итәылауаҩшәҟәи аҩнытә шәҟәи иманы днеины официалла азыҳәа ҟаиҵароуп.

Убри аан абзазаратә ҭахрақәа рзы 10 киловаттк азхоит.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит аштаб аусура "ауаа аекономикатә ԥхасҭа рыҭара, ма еиҳа имаҷны афымцамч рхы иадырхәартә аҟаҵара ишазырхам".

В «Черноморэнерго» прошло совещание министра экономики Кристины Озган с руководством и представителями районных филиалов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы араионқәа афымцамч ахархәара ахьынӡамоу иалацәажәеит

"Аха убри аан астанциа маҷқәа зегьы ахархәаратә лимит рымоуп, фазактәи ацәаҳәақәа аидара рцәыхьанҭахоит. "Амшынеиқәафымцамч" атехникатә лшара амазар, изҭаху абонент ацәаҳәа изнаргоит, ихадароу - ахәԥса ишәозароуп", - ҳәа иҳәеит Ешба.

Аха ахархәаҩцәа афаза наргоит, убри аан аԥарашәара рҭахым.

Џьамбулаҭ Аршба иазгәеиҭеит ареидқәа ирылҵшәаны 90 абонент азин рыҭан ацәаҳәацҵақәа рнагаразы.

Беслан Ешба иҳәеит ауааԥсыра рацәажәара, аҭагылазаашьа реилыркаара шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0