Аԥсны анаркотикатә маҭәашьар рацәаны иаарԥшуп

© AFP 2023 / RAUL ARBOLEDAНаркотики в руках подростков
Наркотики в руках подростков  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Аоперативтә информациа аус адулараан Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьар каннабис алазгалоз ацәгьоуцәа рус ԥкын.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи СОБР аҟазауааи аоперациа ҷыда анымҩаԥыргоз анаркотикатә маҭәашьар апартиа ду аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Ҩыџьа атәылауаа аанкылоуп. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, автомашьына "Лада Нива" аԥсҟы зкыз, адлертәи араион аҿы инхо Рамзик Кешьиан, 1973 шықәса рзы ииз, даанкылан аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы. Атранспорттә хархәага акәырқәа рҟны иаарԥшын ицәиаҵәаз аххыра згәылаԥсаз аилаҳәарақәа фба.

Избрание меры пресечения М. Меню - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Аметадон "аҭыԥ маӡақәа" рҿы изҵәахуаз иус Гагра араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп

Дҽа еилаҳәарак рыԥшааит амашьына асалон аҿы. Иаарԥшыз анаркотикатә маҭәашьар каннабис Аԥсны ААР аексперт-криминалисттә центр адыррала х-кьылак азеиԥш капан ыҟан. Рамзик Кешьиан даанкылоуп.

Аҟәа араион Ешыра ақыҭан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит аамҭала ара инхо Дмитри Культуриди, 1970 шықәса рзы ииз, Краснодартәи атәылаҿацә Тҟәаԥс араион аҿы инхо. Игәаҭараан иаарԥшын ицәиаҵәаз аххыра згәылаԥсаз аилаҳәарақәа хԥа, иара убасгьы даҽа ҩ-еилаҳәарак. Аекспертиза ишьақәнаргылеит аилаҳәарақәа иргәылаԥсаз анаркотикатә маҭәашьар каннабис, азеиԥш капан ҩ-кьылаки бжаки шыҟаз.

Анаркотикатә маҭәашьар аҭиразы закәаншьаҭада аахәара, аҵәахра рзы Культуриди Дмитри иганахьала ашьаус хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0