Урыстәыла ахәыҷқәа рзы омбудсмен Аԥснытәи астудентцәа дырԥылеит

© Foto / Уполномоченный при Президенте РФ по правам ребенкаАнна Кузнецова провела встречу со студентами Абхазии
Анна Кузнецова провела встречу со студентами Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада иҿы ахәыҷы изинқәа рхылаԥшразы иҟоу Анна Кузнецова агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара далахәуп.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада иҿы ахәыҷы изинқәа рхылаԥшразы иҟоу Анна Кузнецова Аԥснытәи астудентцәа-активистцәа – Валериа Аршԥҳа, Милена Барцыцԥҳа, Глеб Аџьба дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит аомбудсмен лсаит аҿы.

Аԥснытәи астудентцәа Кузнецова ҭабуп ҳәа ларҳәеит Урыстәыла аҵакыраҿы зыхәԥса ҳаракыз аоперациа ззыҟаҵатәыз ахәыҷы ацхыраара ахьилҭаз азы. Астудентцәа акциақәа рылахәра, аволонтиортә ҵысрақәа рылахәра ишазыхиоу рҳәеит.

Анна Кузнецова ахәыҷы изинқәа рзы Аинститут иазнархио апроектқәа дрылацәажәеит. Аиԥылараҿы ирзааҭгылеит Аԥсни уи аиԥш егьырҭ атәылақәеи рҿар злахәхар алшо аҵаратә проектқәа.

"Агәахәара снаҭоит аҿар активла аԥсҭазаара ианалахәу, ахәыҷқәа рыхьчара ианалахәу. Урыстәылеи Аԥсни рҵакырақәа рҿы имҩаԥгахар алшо аволонтиортә проектқәа ҳрылацәажәеит. Уааигәа иҟоу ицхыраара хамԥадазароуп, аус дуқәагьы урцәымшәозароуп. Ҳара еснагь ауаа рыцхыраара ҳазахиоуп", - ҳәа лҳәеит Кузнецова.

Урыстәыла ахада иҿы ахәыҷы изинқәа рхылаԥшразы иҟоу Анна Кузнецова агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара далахәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0