Владимир Познер Қарҭтәи ахҭыс ашьҭахь Аԥсныҟа даарыԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоездка в село Псху
Поездка в село Псху  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц дахьнеиз иганахьала имҩаԥыргаз акциақәа ирхырҟьаны дхынҳәыр акәхеит. Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҿы амитинг еиҿыркааит Познер Аԥсназы уаанӡатәи иҳәамҭак инамаданы.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аԥсны атуризм азы аминистрра Владимир Познер Қарҭ имҩаԥгаз акциа ашьҭахь Аԥсныҟа даарыԥхьеит. Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу анеиҭоз аминистр Ҭеимураз Хышба Познер ааԥхьара ииҭеит.

Иара оумашәа ибаны далацәажәеит кавказтәи асасдкылара шаадырԥшыз, аиҳаб иахь аҳаҭырқәҵара абасеиԥш аилагара.

"Владимир Владимир-иԥа Познер – епоха дууп. Иара Асовет еидгыла анаҩстә ҵакыраҿ иналукааша хаҿуп, адунеитә журналистикаҿ реиҳа хьӡы змоу дреиуоуп. Ҳәарада Қырҭтәыла иҟалаз ахҭысқәа оумашәа иаабоит, иҟазаратә ҩаӡара адагьы иқәра азхьаԥшра ахьаҭамыз – кавказтәи аҵасқәа аиҳабы иҭыԥ ҷыданы иалыркаауеит" ҳәа иҳәеит аминистр.

Ҭеимураз Хышба Познер имшира идиныҳәалеит.

Аԥснытәи иколлегацәа рыхьӡала Владимир Познер идныҳәалеит Аԥсны ажурналистцәа реидгылагь.

"Ҳара, шәара шәколлегацәа, шәҩызцәагь шәаргьы Аԥсныҟа шәааҳаԥхьоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ажурналистцәа ҳадагьы атәыла ауааԥсыра зегьы шәбара ишеигәырӷьо", - ҳәа аҳәоит аидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иааԥхьараҿы.

Премьера фильма Подольские курсанты - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Познер уаанӡа Аԥсназы иҟаиҵахьаз ҳәамҭак иахҟьаны Қарҭ дықәырцеит

Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер, мшаԥы 1 азы 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц иҩызцәа иманы днеит.

Ахашаҽны ақалақь аҿы амитинг аҿы еизаз Познер Қырҭтәыла акзаара азхеиҵом, ара дыҟамзароуп ҳәа иқәгылеит. Хаҭала иазааҭгылан Познер Аԥсны ахаангьы Қырҭтәыла иатәхом ҳәа иҟаиҵахьаз аҳәамҭа.

Познери иҩызцәеи ахьаангылаз аотель ахыбра аҿагылаҩцәа акәшеит, асасцәа руаххьа еиԥырҟьеит, аџьазы Аинспекциахь адырра ҟарҵеит Познери исасцәеи "акоменданттә сааҭ" иқәымныҟәеит ҳәа. Аотельгьы ахараԥса ақәҵахеит.

Аԥшьаша еилкаахеит Владимир Познер Қырҭтәыла шаанижьыз. Ажурналисти иҩызцәеи аҳаиртә баӷәазахь аполициаа имҩаԥыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0