Познер Қырҭтәыла иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция протеста против В. Познера в Грузии
Акция протеста против В. Познера в Грузии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер, мшаԥы 1 азы 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц иҩызцәа иманы днеит, аха аҿагыларатә акциақәа ирхырҟьаны уантәи дықәҵыр акәхеит.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналист, ателемҩаԥгаҩы Владимир Познер Қарҭ иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит, уажәраанӡа акгьы захимҳәаауаз азгәаҭаны. Ажурналист иҳәамҭа исаит аҿы икьыԥхьуп.

Поездка в село Псху  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Владимир Познер Қарҭтәи ахҭыс ашьҭахь Аԥсныҟа даарыԥхьеит

"Хҳәаа зыҟасымҵо еилкаауп: уа иҟаз аҩыза еиҿызкаази иалахәызи ауаа хшыҩзышьҭра зҭатәу ракәым. Убри азоуп акгьы ҳәатәны изысымбо", - иҩуеит иара.

Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер Қарҭынтә иҩызцәеи иареи аҿагыларатә акциақәа ирхырҟьаны уантәи дықәҵыр акәхеит.

Ақалақь аҿы амитинг аҿы еизаз Познер Қырҭтәыла акзаара азхеиҵом, ара дыҟамзароуп ҳәа иқәгылеит. Хаҭала иазааҭгылан Познер Аԥсны ахаангьы Қырҭтәыла иатәхом ҳәа иҟаиҵахьаз аҳәамҭа.

Познери иҩызцәеи ахьаангылаз аотель ахыбра аҿагылаҩцәа акәшеит, асасцәа руаххьа еиԥырҟьеит, аџьазы Аинспекциахь адырра ҟарҵеит Познери исасцәеи "акоменданттә сааҭ" иқәымныҟәеит ҳәа, уи азы ахара аотель иахарарҵеит. Аотельгьы ахараԥса ақәҵахеит.

Аԥшьаша еилкаахеит Владимир Познер Қырҭтәыла шаанижьыз. Ажурналисти иҩызцәеи аҳаиртә баӷәазахь аполициаа имҩаԥыргеит.

Аԥсны анапхгаратә мчрақәа ари ахҭыс ргәы еибанаркит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажурналист Владимир Познер имшира идныҳәало Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит, иҟалаз азы "Кавказ ажәларқәа шәышықәсалатәи рысасдкыларатә қьабз аилагара агәыхь ада аҽакы арҵысуам" ҳәа азгәеиҭеит.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков дақәыӡбеит аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рхымҩаԥгашьа, даргьы екстремист милаҭеилыхыҩцәоуп ҳәа рхиҳәааит. Песков урыстәылаа адырра риҭеит Қырҭтәыла дара рзы ишәарҭоу ҭыԥны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0