Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аҟәа араион аҿы афымцалашаразы иҟоу ауадаҩрақәа

© Foto / предоставлено Дауром ЧитанаваДаур Читанава
Даур Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион афымцатә цәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәарақәа рырмаҷразы имҩаԥырго аусурақәеи, закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа ззықәгылоу шаадырԥшуа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион аҟәша аиҳабы Даур Ҷыҭанаа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа Аҟәа араион аҿы афымцалашаразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

"Аҟәа араион аҿы ԥшь-нызқьҩык инареиҳаны абонентцәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә 2500-ҩык инарзынаԥшуа алашаразы аԥхьаӡагақәа рзықәгылоуп, егьырҭ иарада иҟоуп. Проблемас иҳамоу х-цәаҳәак ззааиуа аԥхьаӡагақәа ззықәгылам даара ирацәоуп, ацәаҳәақәа зҿаԥызшьыз даара ирацәоуп, урҭ алаҳкаауеит. Дара аамҭа рыҭаны иаҿаҳхуеит, азакәан иқәныҟәарц зҭаху рдокументқәа "Амшынеиқәыфымцамч" ахь иалырҵоит. Уи анаҩсгьы ақыҭатә трансформаторқәа рҿы ирацәахеит ақәыӷәӷәарақәа. Уи зыхҟьазгы, амаининг ауп. Зхатә трансформаторқәа змаз, 28 рҟынӡа, зегьы аҿыхуп. Ауаа уа ирзықәгылаз амаинингқәа рыҩнқәа рахь иганы ақыҭатә трансформаторқәа рахь иаҿаркуа иалагеит, уи иахҟьаны ирацәаны атрансформаторқәа бжьысуеит, ацәаҳәақәа ҿыблаауеит", - еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0