Урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик: мшаԥы

Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәоит.

Мшаԥымзатәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, мшаԥы 16, 19 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа, мшаԥы 20, 21 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 22, 23 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 26, 27 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 28, 29 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз, мшаԥы 30 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.

Жәабран 8 инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0