АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аҿартә еиҿкаарақәа аҿагылара ҟарҵеит америкатәи аибашьыга ӷбақәа Амшын еиқәахь рынашьҭра алмыршаразы ҳәа аҩуеит Sputnik Ҭырқәтәыла.
Ҭырқәтәылатәи астудентцәа, иарымоу аҿартә еиҿкаарақәа рлахәылацәа Сҭампыл ақалақь аҿы аҿагыларатә акциа еиҿыркааит ЕАА Амшын еиқәахь аибашьыга ӷбақәа ҩба ахьдәықәнаҵаз азы. Аӷбақәа Амшын еиқәахь аӡыбжьысырҭақәа Босфори Дарданеллқәеи рыла инеироуп. Бешьикташь араион Долмабаҳче аҳҭынра аҿаԥхьа еизеит жәаҩыла аҿар ЕАА ахымҩаԥгашьа "империалисттә агрессиоуп" ҳәа ахҳәаауа.
"Ҳара арахь ҳааит ҳтәыла аҿар америкатәи аимпериализм аҿагылараҿы ҳшеидгыло аарԥшразы, ЕАА агрессиа аҿаԥхьа ахыларҟәрагьы ҳгәы иҭам", - ҳәа лҳәеит акциа алахәыла, астудентка Гиокче Иылмаз амаҵзура азҵаара аҭакс.
Лара лҳәамҭаҿы иазгәалҭеит "украинатәи амчрақәа Америкеи Евроеидгылеи рықәыӷәӷәарала Урыстәылеи Донбасси рганахь агрессиатә политика мҩаԥыргоит", "ЕАА ахымҩаԥгашьа арегион аҭагылазаашьа ҵнашәаауеит, избанзар аҭынчреи ахақәиҭреи ирҿагылоит", - ҳәа.
"ЕАА аҽа тәылак ахь арыцҳареи, аибашьреи, аӷарреи рыда аҽак нанагом. Америка – аҭынчреи ахақәиҭреи ираӷоуп. Миллионҩыла ауаа ҭахеит Ирак, Шьамтәыла, Афганистан, Иемен, Иугославиа Америка ахымҩаԥгашьа иахҟьаны. Америкатәи аимпериализм иаҿагыланы иқәԥалатәуп. Адунеи ауааԥсыра зегьы ишырбо аибашьрақәа хнартуеит. Ари ҟалашьа амам ҳәа ахҳәаатәуп", - ҳәа аҳәоит акциа алахәылацәа реицҳәамҭа.
Акциа алахәылацәа алозунгқәеи аплакатқәеи "Америка, Амшын еиқәа уҭыҵ!", "Шәиԥхьыӡ ақәзааит америкатәи аимпериализм!" ҳәа рынҵаны иркын.