Аԥсны ААР аҿы ирҳәеит аҭыԥантәи амашьынарныҟәцаҩцәеи атуристцәеи реиҩдыраара шрылшо

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник ДПС
Сотрудник ДПС - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа адҵа рырҭеит аҳәаанырцә номерқәа змоу автотранспорт аанырымкылаларц.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәаанырцә номерқәа змоу автомашьынақәа рыԥсҟы зкугьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, амҩатә ныҟәара иалахәылацәоуп, амҩатә ԥҟара еиларгар, ҳәарада, ахараԥса рықәҵахоит ҳәа иҳәоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

"Урыстәылатәи автомашьынақәа рыԥсҟы зкугьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, амҩатә ныҟәара иалахәылацәоуп, амҩатә ԥҟара еиларгар, ҳәарада, иаанкыланы азакәанԥҵара ишаҳәо ала ахараԥса рықәҵахоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аҳәаанырцә номерқәа змоу автомашьынақәа аанышәымкылалан ҳәа ииҳәаз атәыла ахадара рзеиԥш башьоуп, Аԥсны асасцәа ираҳаҭны рыԥсы ршьартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵаразы", - ҳәа иҳәеит Аиба.

Амҩақәа ирнуп завтомашьынақәа аҳәаанырцә номерқәа зықәгылоу аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Аиба иҳәеит аинспекторцәа арҭ шеиҩырдыраауа. Иара иажәақәа рыла, атрассаҿ аус зуа Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҭыԥантәи автотранспорт, аҳәаанырцә номер змоу, ара аамҭала ашәҟәы иҭагалоу шамахамзар ирдыруеит.

МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Амаининг, анаркотикқәа, амҩатә машәырқәа: Аԥсны ААР 2021 шықәса хымзтәи аусура

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра 2021 шықәса актәи аԥшьбарак аусурақәа реихшьаала аҟаҵаразы имҩаԥгаз аилатәараҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҳәеит Аԥсны ААР анапхгара Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа адҵа рырҭеит аҳәаанырцә номерқәа змоу автотранспорт аанырымкылаларц ҳәа. Абри аус ахылаԥшра анаҭалоит аминистрра Ахатәшәарҭадаратә усбарҭа.

Аҭакԥхықәра рыдҵахоит Аԥсны ААИ аиҳабы Баҭал Агрбеи иара Ҷкадуа ихаҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0